Print this page

Асахьаҭыхраҿ аҳәса рлагала

Хәажәкыр 12, 2026 59

Аҳәса рымшныҳәа март 8 аламҭалаз Аԥсны асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә зал аҿы иаартын XX-XXI ашәышықәсақәа рзы иаԥҵаз Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

Аҟәа иаартыз аныҳәатә цәыргақәҵа еиднакылоит зда аԥсҭазаара зыҟамло аҳәса раԥҵамҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡара наӡоит 25-ҩык рҿынӡа.
Ара аҭӡы дырлашон аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа ҳсахьаҭыхҩцәа Зоиа Аџьынџьал, Марина Ешба, Варвара Бубнова, Антонина Софронова, Венера Гагәулиа, Мактина Ҵәыџьба, Ольга Брендель уҳәа рҭыхымҭақәа.
Ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа аҭааҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәалҭеит ари ацәыргақәҵа шазку Аҳәса рымшныҳәа март 8, убри инамаданы араҟа ицәыргоуп XX-XXI ашәышықәсқәа ирҭагӡаны аҳәса рҭыхымҭақәа, инарылукааша ҳәа иԥхьаӡоу. Ицәыргоуп зегь реиҳа изааӡатәиу, 1957 шықәса рзы аскульптор Марина Ешба иаԥылҵаз амедал «Москва аргылара» зыхьӡу. Аскульптуратә усумҭа «Автопортреҭ» аџьаз иалху.
Ицәыргақәҵоуп убасгьы Аԥсны акраамҭа инхоз аурыс сахьаҭыхҩы ду Варвара Бубнова лусумҭақәа, «Аиаҵәа зшәу аԥҳәыс», «Автопортреҭ» 1950 шықәсазы иҭылхыз. Сынтәа 140 шықәса ҵуеит асахьаҭыхҩы Варвара Бубнова диижьҭеи..
1939 шықәсазы иаԥҵаз Антонина Сафонова лҭыхымҭа «Гәдоуҭатәи аҳәсақәа» захьӡу.

Аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа Зоиа Аџьынџьал лусумҭақәа: «Ира Коӷониа лпатреҭ», «Аҿыханҵа», «Амшын аԥшаҳәаҿы» уҳәа.
Аҭааҩцәа аинтерес ду рызцәырзго ируакуп иара убас анышәаԥшь иалху аусумҭақәа, урҭ зегьы аагоуп акартинақәа ргалереиа аҟнытә, иара убас ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы ирыцхрааит «Москва Аҩны» аҟнытә рколлегацәа. Ара иҟоуп Валентина Хәырхәмал, Ольга Брендель русумҭақәа.
Аҟәа иҟоу Москва аҩны аиҳабы Алеқсандр Бигәаа иҳәеит: «Ари ацәыргақәҵа раԥхьатәи ауп абылра ашьҭахь еицеиҿаҳкааз. Сара ирзеиӷьасшьоит асахьаҭыхра знапы алаку зегьы ақәҿиара дуқәа».
Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла аиҳабы ҿыц Диана Хынҭәба иҭабуп ҳәа ралҳәеит ирҭааз асасцәа зегьы.
Иалкаатәуп ацәыргақәҵаҿы ишрылҷҷаауаз ҳаамҭазтәи абиԥара ҿа рҭыхымҭақәагьы, убарҭ иреиуоуп: Асҭанда Адлеиба, Анна Сангәлиа, Ҟәараса Черқьезиа, Диана Воуба, Елена Постнова, Сабина Кәарҷелиа рҭыхымҭақәа.
Узрывсуамызт анышәаԥшь иалхны ассирқәа аԥызҵо Саида Ломиеи, Мариа Делбеи рнапкымҭақәа.
Аҭааҩцәа ишьҭрақәланы из­хәаԥшуаз ҭыхымҭоуп аҿыханҵа. «Амза ҵхы» . Иааидкыланы ацә­ыргақәҵаҿы 70 инарзынаԥшуа аусумҭақәа ыҟоуп, уи збарц зҭаху алшара рымоуп март мза нҵәаанӡа ацәыргақәҵатә зал иаҭаарц.