2025 шықәсазы Очамчыра араион абиуџьет 91% рыла инагӡан. Агәабзиарахьчара иазоурыжьит — 42 млн мааҭ, акультура аҿиаразы — 33 млн мааҭ, аҿартә политикеи аспорти — 10 млн мааҭ. Миллион мааҭ рҟынӡа ауааԥсыра асоциалтә цхыраареи, х-миллионк инареиҳаны араион ауааԥсыра Аԥсны анҭыҵ амедицинатә цхыраара рыҭара ирзырхан.
Очамчыра араион абиуџьет иаланагалеит 250 млн 436 нызқьмааҭ, ашықәстәи адҵа нагӡан — 80%, уи ахарҭәаарзы иагхеит — 64 млн 490 нызқь мааҭ иҳәеит араион ашәахтәқәеи аизгарақәеи рыҟәша аиҳабы Адгәыр Багаԥшь. Араион аҟны иҟоу анаплакқәа быжьба абиуџьет иаларгалеит 13 млн мааҭ инеиҳаны.
2025 шықәсазы Очамчыра араион ацәгьоурақәа 43 ашәҟәы иҭагалан иҳәеит АҩАР Очамчыратәи аҟәша аиҳабы Аинар Коӷониа. Ацәгьоурақәа зегьы аарԥшын. 2025 шықәсазы амҩатә машәырқәа 24 ҟалеит, урҭ рҟны 12-ҩык ҭахеит. Шықәсык иалагӡаны араион аҟны ашәҟәы иҭагалан амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа 1516.
2025 шықәсазы Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала агәрагара роуит 164 проект иҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Какәбаа. Урҭ рынагӡаразы иақәхарџьын 76 млн мааҭ. Иара иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы 2,5 нызқь гектар цәаӷәан. "Араион ахадара абиуџьет иазоунажьит 2 млн мааҭ уи ҳхы иархәаны, ақыҭаҿ зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, атәанчаҩцәа, зыхшара ҭахаз уҳәа 165 гектар рыдгьылқәа алацәаӷәан". Какәбаа иазгәеиҭеит амармалташьтә пты ақәгаразы аусрақәа ианаамҭо ишымҩаԥырго, уи азы ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраара шыҟарҵо.
2025 шықәсазы Очамчыра араион абонентцәа 3,2 млн мааҭ рыхә афымцамч рхы иадырхәеит. Ишәоуп 1,8 млн мааҭ, ахәԥсашәара апроцент иартәеит 56,7% иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәша аиҳабы Роберт Шьынқәба имҩаԥысыз инарҭбаау аилатәараҿы. Аиҿкаарақәеи анаплакқәеи рыбжьара ауал зқәу зегь раасҭа ишмаҷу азгәаҭоуп, урҭ рҟынтәи аизгара — 92% еиҳахеит. Ахатәхаҿқәа рлагалақәа ԥсыҽуп, урҭ иршәараны иҟаз 2,08 млн рҟынтәи 780 нызқь мааҭ роуп иахыԥхьаӡалаз. Аизгарақәа иааидкыланы — 37% дыртәоит.
Иааидкыланы араион аҟны 26 школ ыҟоуп, урҭ рҟны аус руеит 467 ҩык арҵаҩцәа, араион абжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны аҵара рҵоит – 2801. Ашколқәа рҟны ахимиеи афизикеи амаҭәарқәа рырҵаҩцәа разымхара ыҟоуп иҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа.
Иҳазцәырҵуа апроблемақәа ҳҳәоу еиқәыршәаны, ҿымҭӡакәа рыӡбра ҳҽазаҳшәоит, избанзар ҳажәлар ргәы ҭаҳҟьар ҳҭахӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Очамчыра араион ахадараҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.
Хадара злам зҵаара ыҟаӡам — ашәарҭадара, аҳәынҭқарра ахьчара, ақыҭанхамҩа, асоциалтә ҭагылазаашьа, афымцалашара, ашколқәа рҭагылазаашьақәа уҳәа. Арҭ азҵаарақәа зегьы есыҽны ахылаԥшреи системала азнеиреи рҭахуп.
Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараҿы Аԥсны иамоу алшарақәа хьысҳауп, аха Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирыбзоураны аамҭала иӡбуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. "Урыстәыла атәылахьчареи ҳара ҳ-Арбџьармчқәеи еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥаҳгоит. Ааигәа раионцыԥхьаӡа ажәҩан ихын ашәарҭара цәырызго адронқәа, урҭ рҭархара ҳалшеит, уи зыбзорахазгьы ҳусеицура ауп. Убри азҵаара хықәкыла иазхьаԥштәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Аибашьра амҩаԥгашьақәа рҽырыԥсахит, убарҭқәа ҳаргьы ҳазыҟаҵазароуп»,– иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.