Print this page

Аламыс ашәазҳәаҩы иҭынха ааӡагоуп

Хәажәкыр 05, 2026 73

«Иҟоуп убас аԥсуа ажәак – Аламыс ҳәа. Даара акыр аҵанакуеит, даараӡагьы акыр аанагоит аԥсуа ихы-игәы аҟны уи ажәа кьаҿ… «Аламыс» ҳәа аԥсуаа зыӡбахә рымоу ажәа ԥсыс ирхоуп нҵәара зықәӡам, иссиру жәлар рҳәамҭақәа, ражәақәа…»

М.Лакрба

Сынтәа иҵуеит 125 шықәса Миха (Алеқсандр) Аҳмаҭ-иԥа Лакрба диижьҭеи. Диит иара Мархьаул ақыҭа аԥсуа аамсҭа иҭаацәараҿы. Иан Мина Ешԥҳан, аԥхьа иара дҭарҵеит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол , уи даналга Аҟәатәи ареалтә училишьче дҭалеит. Убри нахыс алитература агьама икуа далагеит, ирацәаны дрыԥхьон ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рырҿиамҭақәа. Алитература абзиабара илазааӡаз ирҵаҩцәа иреиуоуп: Дырмит Гәлиеи, Самсон Ҷанбеи, уҳәа егь.
Аԥсуа литература абду ашә­ҟәыҩҩы ҿа дихылаԥшуан, дицхраауан, игәы азыҟаиҵон. Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз 1917-1921 шықәсқәа рзы аԥсуа жәлар аџьамыӷәа цәгьа иҭагылан. Абри атәы рындырԥшуан жәлар рхаҭарнакцәа, ҷыдала Миха Лакрба иҩымҭақәа «Д.Гәлиа иахь», «Аԥсадгьыл», «Абахҭаҿы». Усҟан ауаҩы игәҭыха аартны аҳәара гәаӷьыуацәан азы Миха Лакрба иҩымҭақәа «Аԥсуа» ҳәа рыҵаиҩуан.
1921-1925 шықәсқәа рзы аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс, уи ахьӡ азҭазгьы иара иоуп. Далгеит Қарҭтәи аполитехникатә институт, аиуристтә факультет. 1930 шықәсазы Москваҟа диасуеит, акинодраматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳаӡоу акурсқәа дрылгеит, анаҩс М.Шолохов ицхыраарала, «Восток-кино» зыхьӡыз акинофабрикаҿы амаҵура далалоит, иҩуан акиносценариқәа. Убри аамҭаз иҩит ԥшь-фильмк рсценариқәа «Амра ашәҭ» (1933 ш.) «Тҟәарчал» (1934 ш.) «Ҩ-цаԥхак», «Аиаҵәара иалоу аԥҳәыс», (1938 ш.)

1934 шықәсазы далахәын асоветтә шәҟәыҩҩцәа актәи Реизара ду. 1938 шықәсазы СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылоит.
Сынтәа Миха Лакрба диижзьҭеи 125 шықәса аҵра мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит ҳҵараиурҭақәа, лымкаала ҳашколқәа ари арыцхә ахшыҩзышьҭра ду азыруеит.
Аԥсны аҵара аминистрра анапхгарала ааигәа имҩаԥган ановеллист, ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба 125 шықәса ихыҵра иазкыз аицлабра. Ашкол хәыҷқәа рдырра, аԥсуа литература иахьынӡазҿлымҳау, ҷыдала Миха Лакрба иновеллақәа шаҟа ирныруа аадырԥшуан аиԥылараҿы. Уи мҩаԥысуан Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашколаҿы.
Зынӡа аицлабра иалахәын Аԥсны араионқәа рҟынтәи азеиԥшҵаратә школқәеи, алицеи-интернатқәеи рхаҭарнакцәа. Иааидкыланы 13 гәыԥ рыла еихшан.
Аконкурс ашҟа имҩахыҵит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр Хана Гәынба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа, аҭҵаарадырратә усуразы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апроректор Џьулетта Адлеиба, Аҟәа аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл.
Ашколхәыҷқәа рҿаԥхьа иқәгылан аламыс ашәазҳәаҩы Миха Лакрба иновеллақәа 25 рҵакы, дара ишеилыркаауа, рхы-ргәы аҿынӡа ишнеиз аарԥшра.
Аконкурс мҩаԥылгон Инга Конџьариа. Аицлабра апрограммаҿы ашколхәыҷқәа рҿаԥхьа ишьҭан хәы-дҵак:

1. Миха Лакрба иновеллақәа руак аҟнытә аиҭаҳәаҩра.
2. Миха Лакрба инысымҩеи иновеллақәеи иахьынӡахәҭоу рдырра.
3. Ановеллақәа рҟнытә исахьаркны цыԥҵәахак аԥхьара.
4. Миха Лакрба иҩымҭақәа ирылхны иллиустрациа ахҳәаа аҭара.
5. Акомандақәа реиҳабацәа реицлабра иаагоу атемала.

Иалхын аицлабра иалахәыз рдырра ахәшьара азҭоз аӡбаҩцәа, ААУ адоцеент Адгәыр Какоба, агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаб, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Инал Гыцба.
Аиҭаҳәаҩра мҩаԥызгаз аҵаҩцәа русумҭақәа ахәшьара азылуан зԥышәа ҳараку аус азҟаза Валентина Габниа-Ҳалбад.
Аконкурс иаҭааз асасцәа идырбан иара убас Миха Лакрба иновеллақәа ирылхны аҵаҩцәа иаԥырҵаз афильмқәа.
Иҳәатәуп аҵаҩцәа зегьы ановеллист ирҿиамҭақәа гәаԥхарыла ишырҵаз, ишаадырԥшыз. Агәахәара, агәыӷра ду унаҭоит ҵаҩцәақәак актиор наӡак иеиԥш исахьаркны аԥсы ахаҵаны рықәгылашьа, раԥхьашьа.
Ановеллақәа «Асас», «Еибамгеит», «Каци Ҳасани», «Аб», «Ҩ-шәык», уҳәа ишьҭрақәланы ишаԥхьозгьы, игәыԥҵәаганы акәымкәа, ухы-угәы иҭалон уаднаԥхьалон, убри аҟынӡа аҵаҩцәа аԥсы ахаҵаны иаԥхьон, иуадаҩуп аӡәы далкаан ихьӡ аҳәара, избанзар аҵаҩцәа зегьы иаадырԥшит аԥсуа ламыс ашәазҳәаҩы Миха Лакрба ирҿиамҭақәа рахь ирымаз адырра, рыбызшәа, рқьабз рыбзиабара. Аицлабра ахыркәшамҭаз идырбан аконцерт Д.Гәлиа ихьӡ зху аԥшьбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа реиҿкаарала.
Аҵыхәтәаны аицлабра аӡ­баҩцәа иҟарҵаз алкаа ала ирылаҳәан аиааира згаз ашколқәа. Аконкус аҿы иаадырԥшыз азыҟаҵара бзиеи адыррақәеи ирылҵшәаны. актәи аҭыԥ еицеиҩыршеит Б. Шьынқәба ихь зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ агәыԥ «Аԥсуареи», Гәдоуҭа араион агәыԥ «Ажәҵыси», аҩбатәи аҭыԥ Гәылрыԥшь араион, агәыԥ «Ахьышьҭра», ахԥатәи аҭыԥ Тҟәарчал араион агәыԥ «Аҵас». Иара убас Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы зҽалызкааз зегьы арҽхәаԥхьыӡқәа ранашьан.

Наира Сабекиа