Print this page

Шамиль Аӡынба аполитикатә мчқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алхратә система ҿыц ахь ииасырц азы

Хәажәкыр 04, 2026 31

«Ари апроцесс ирласны имҩамсыр аамҭа арӡуеит», – иҳәеит ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуаз «Аполитикатә система ареформа – иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу астол гьежь аҿы.

Аполитик иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҿиара амҩаҿы ихадароу азҵаара аӡбаразы шықәсык шаанхаз. Шамиль Аӡынба, иколлегацәа ирабжьигеит аус зуа асистема алхра рҽазыркырц, имаҷу атехникатә зҵаарақәа рыҽрыдмырхалакәа.