Print this page

Аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин имшира идиныҳәалеит

Хәажәкыр 03, 2026 12

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи шәымш иира шәыдысныҳәалоит!

Шәара, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҿы шәусура, Урыстәыла аҿиареи аҭышәынтәалареи ирзырхоуп, ҳтәылақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы акырӡа зҵазкуа факторны иҟоуп.

Ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы инашәыгӡо аусура ахә ҳаракны иаҳшьоит. Агәра ганы ҳаҟоуп ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу астратегиатә усеицура аринахысгьы Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьаразы ихырҳаганы ишыҟало.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиара дуқәа».