Print this page

Аҟәа асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкын аилатәара мҩаԥган

Хәажәкыр 02, 2026 25

Аилатәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ваздат Миносиан уи иалахәын Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура анапхгаҩы Роман Џьопуа, Аҟәатәи асанитар-епидемиологиатә станциа аҳақьым хада Лаша Зарандиа, Аҳәынҭқарратә стандарт ахархәаратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Гьаргь Ҭарба.

Аиԥылараҿы ахәаахәҭратә обиектқәа рсанитартә ҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит.

Лаша Зарандиа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ изеиҭеиҳәеит ақалақь аҿы ишьақәгылаз асанитартә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы аԥхьаҟа гәҭакқәас ирымоу.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ аҳҭнықалақь аҿы асанитартә ҭагылазаашьа ахылаԥшра арӷәӷәаразы амаҵзурақәа анапынҵа риҭеит.