Print this page

Ҭҟәарчал агәамкаԥсарҭаҿы арыцқьаратә усурақәа ирылагеит

Хәажәкыр 02, 2026 29

Абри азы аинформациатә маҵзура Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Герман Каҷараа.

Уи иажәақәа рыла, агәамкаԥсарҭа 1993 шықәса раахижьҭеи иҟоуп, уи аԥыхра иахьа ихадоу хықәкуп.

«Уажәы аобиект аҿы атехника аус ауеит. Аспециалистцәа иҵауланы ажрақәа рыҟаҵара иаҿуп, анаҩс агәам ржуеит, иара убасгьы шықәсырацәлатәи агәамсам дрыцқьоит», – ҳәа азгәеиҭеит Каҷараа.

Уи иажәақәа рыла аусурақәа иаарласны ихыркәшахоит. Ҳазну аетап хықәкы хадас иамоуп адгьылҵакыра асанитартә нормақәа ирықәшәо аҟаҵара, анаҩс уи ахархәаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.