Print this page

Максим Решетников зхадараҿы дыҟоу аделегациа Лабра ақыҭан иҟоу ахшаалыҵ азауад иаҭааит.

Жәабран 28, 2026 17

Анаплакы аусура иалагоит 2026 шықәса мшаԥымзазы.
ЗҲәА «Ахшаалыҵ ашҭа» адиректор хада Баҭал Ӡаԥшьба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахшаалыҵ азауад аргылара хацыркын 2024 шықәса нанҳәамзазы иҷыдоу акредиттә программала.

«Ҳгәы иҭоуп ашә, ахш, ахарҵәы рыҟаҵара. Иахьазы аусуразы амаҷ ауп иаанхаз. Амыругақәа аҿакуп, амонтажтә усурақәа ахыркәшарахь инеиуеит. Ҩымз рыла аалыҵ агәаҭаратә хәҭа аҭыжьра ҳалагарц ҳгәы иҭоуп», – ҳәа иҳәеит Ӡаԥшьба.

Уи иажәақәа рыла, азауад аҿы иҟалоит 35 усурҭа ҭыԥ, азауад ихаҭәааны аусура иналагалак даҽа жәа-усурҭатә ҭыԥ ацлоит.

Иқәыргылоу аиқәыршәагақәа ахш лага аус аднаулоит.

Ахш лага Ирани Белоруссиеи рҟынтәи иааргалоит, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵахьеит.

«Ахш лага иалху аалыҵ аԥышәаратә хәҭа ааҳгахьеит», – иҳәеит Ӡаԥшьба.

Азауад уахыки-ҽнаки иалагӡаны жәа-тоннак аалыҵ ҭнажьлоит.

Анаплакы ахарџьынҵа 1,48 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 1,188 млрд мааҭ азоужьын иҷыдоу акредит аҟынтәи, иаанхаз ахатәы ԥаратә хархәагақәа роуп.

Азауад ақәӡара 3 нызықь ԥшьыркца метра ҟоуп. Азауад аҵакырадгьыл – 2,2 гектар.