Аханатә, минуҭк аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҳаҩсыз ашықәс аан зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩцәа: Алықьса Гогәуа, Константин Гердов, Заур Быҭәба, Нона Џьынџьал, Станислав Лакоба, ааигәа иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Анатоли Лагәлаа.
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2025 шықәсазтәи аусура иазкны аҳасабрбала дықәгылеит арҿиаратә хеидкыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу. Насгьы ирыдыркылеит 2026 шықәсазы имҩаԥыргараны иҟоу аусура аплан.
2026 ш. ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иазгәанаҭо аусмҩаԥганатәқәа иреиуоуп аԥсуа милаҭтә драматургиа ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 ш. аҵра аиубилеи, аԥсуа литература аклассик Миха Лакрба диижьҭеи 125 ш. аҵра аиубилеи, иара убас егьырҭ иналукааша ашәҟәыҩҩцәа риубилеитә рыцхәқәа.
Ишдыру еиԥш, ҳазу ашықәса «Ақыҭа ашықәс» акәны ирылаҳәоуп. Абри инамаданы ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыбжьара ирыланаҳәоит «Аԥсы ҭоуп сара сқыҭа» зыхьӡу аконкурс ҩ-номинациак рыла: ажәабжь (ановелла), аессе (аочерк).
Ахадара адгылеит арҿиаратә хеидкыла анапхгара ражәалагала – «Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абиблиотека» асериала есышықәса аҭыжьра аплан иалаҵалазарц: ахатәы бызшәа, Аԥсадгьыл, Дырмит Гәлиа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа – афырхацәа гәымшәақәа уҳәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа.
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара иаӡбеит иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Миха Лакрба, Алықьса Гогәуа, Џьума Аҳәба, Терент Ҷаниа уҳәа ргәалашәара анаунагӡатәра аус ахаҵгылара.
Иара убас арҿиаратә еилазаара ҳазну ашықәс иалагӡаны имҩаԥнагараны иҟоу ауснагӡатәқәа иреиуоуп: аиубилеиқәа, афестивальқәа, аконференциақәа, апоезиа ахәылԥазқәа, ҿыц аҩра иалаго рзы алитературатә семинарқәа, алитературатә кружокқәа ахьеиҿкаау абжьаратә школқәа рҟны – аҟаза иклассқәа, астол гьежьқәа уҳәа.
Ааигәа ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашҟа ирыдыркылаз хәҩык ААР ахадара аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аршаҳаҭгақәа рнапаҿы ирыҭан. Урҭ иреиуоуп: Алхас Аргәын, Џьамбул Инџьгиа, Светлана Ладариа, Дмитри Мышәба, Ричард Ҷкадуа. Ашәҟәыҩҩцәа рҭаацәара ду иалахәхаз рҩызцәа еиҳабацәа ари ахҭыс бзиа рыдныҳәалауа раԥхьаҟа еиҳау аихьӡарақәа рзеиӷьаршьеит.