«Аԥсны ақыҭанхамҩа акризис ӷәӷәа иҭагылоуп, ақыҭақәа рдемографиатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩуп», – ҳәа азгәалҭеит лара.
Шаҭ-иԥа илҳәеит ақыҭанхамҩа алшарақәа еиҳа-еиҳа ишмаҷхо, уи ақыҭақәа рхаҿра шаԥсахуа, урҭ рекономикатә ҭагалазаашьа шыбжьнахуеит. Ақыҭақәа реиқәырхаразы ауснагӡатәқәа иаартны рылацәажәаразы ааԥхьара ҟалҵеит, атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы уажәтәи аҭагылазаашьа акырӡа ишыуадаҩу азгәалҭеит.