Print this page

Афымцалашаразы ахәԥса миллион мааҭ инареиҳаны ишәоуп амобилтә хархәагақәа рыла

Жәабран 25, 2026 11

Жәамш рыла амобилтә хархәага ҭарҩит 3 736-нтә, уи ала ахәԥса ршәеит 447-ҩык ауааԥсыра.

Ахархәага аҭелқәа рахь аҭагаларазы алшара ыҟоуп App Store, Ru Store рҿы.
Уажәызы ари амаҵзура рхы идырхәар ҟалоит Аҟәа ақалақь иқәынхо ауааԥсыреи, Аҟәеи Гәдоуҭеи рраиоқәа руааԥсыреи.

Асервис ахархәаразы аҽҭагалара аҭахуп, ианҵатәуп: ажәла, ахьӡ, абхьӡы, аҭел аномер, иара убас ахатәы ԥхьаӡара аномер.

Ахәԥса ашәара мҩаԥысуеит урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рҟынтәи ма A-Mobile аԥараҭрала.