Ақәыргыламҭа апроект «Ҳәаа змам аҟазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган. Асценаҿы актиорцәа ирыцықәгылеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку 13-ҩык ахәыҷқәа.
Апроект нагӡоуп Мирон Осиа ибзоурала, Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аԥеиԥши» рыцхыраарала.
Зынӡа аспектакль иалахәуп 60-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп авокалтәи ахореографиатәи коллективқәа, иалахәын иԥхьагылоу актиорцәа: Ирина Делба, Наталиа Папасқьыр, Марина Скворцова, Мадлена Барцыц, Рубен Депелиан, иара убас ааԥхьара иман актер Михаил Бабичев .
Апроект аидеиа авторс дамоуп Анна Савилова, анагӡаратә напхгаҩы — Мактина Џьынџьал.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, апроект «Ҳәаа змам аҟазара» згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа акультуратә ԥсҭазаара иаланархәуеит.