Print this page

Аонкологиа чымазарақәа зыхьуа ахәшәқәа рыла реиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит Жәлар Реизара Аилак аҿы

Жәабран 24, 2026 21

Аонкологиа чымазарақәа зыхьуа ахәшәқәа рыла реиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи русқәа рзы Жәлар Реизара Аилакы аҟны.

Аилак ахантәаҩы Рашида Аиба имҩаԥылгоз аилатәара иалахәын: Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥсныфармациа» анапхгаҩы Русҭам Адлеиба, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи раиуразы Аусбарҭа анапхгаҩы Ахра Аџьба, ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд ахантәаҩы Валентина Жьиба.

Аилатәара аартуа Р. Аиба иазгәалҭеит ари агәыԥ иаҵанакуа ачымазаҩцәа инеиԥынкыланы, ԥымкрада атерапиа шырҭаху, убри аҟнытә ахәшәқәа раагара аанкылахар, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭанаргылоу.

Адепутатцәа ари аусхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала иазааҭгылан ахәшәқәа рыхә ахшәааразы аԥара азоужьреи аԥсҭазаара аиқәырхаразы ихадоу ахәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала раагареи ирыдҳәалаз азҵаарақәа.

Валентина Жьиба иҟалҵаз адыррақәа рыла, ачымазаҩцәа ахәшәқәа рыла еиқәдыршәоит. Ихадароу уадаҩраны иҟоуп ахәышәтәразы зыхә цәгьоу ахәшәқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу.

Жәлар Реизара хықәкыс иамоуп иҟоу аҭагылазаашьа ацклаԥшра, ачымазаҩцәа зегьы рзы ахәшәқәа раахәара иадҳәалоу ауадаҩрақәа раԥыхра.