Print this page

Аԥсны ихацыркын асериал «Ельбрус» аҩбатәи асезон аҭыхра

Жәабран 23, 2026 13

Арежиссиор Артиом Ларин «Актәи аканал» азы асериал «Ельбрус» иацу аҭыхра иалагеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Жәабранмза 17 инаркны аҭыхрақәа мҩаԥысуан Гагра, уажәтәи аамҭазы аҭыхратә гәыԥ Аҟәа аус руеит.

Арежиссиор иажәақәа рыла, иссиру аԥсабареи аусуразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәеи ирыбзоуроуп Аԥсны аҭыхрақәа ахьымҩаԥырго.

«Ҳусура аԥсуа театр актиорцәа адҳаԥхьалоит», – иҳәеит Ларин.

Аҭыхрақәа лаҵарамза 10 рҟынӡа имҩаԥыслоит.

Афильм аҿы еиҭаҳәоуп аиқәырхаратә гәыԥ «Ельбрус» есыҽнытәи аԥсҭазаара. Афырхацәа ашьхақәа рҿы ауаа реиқәырхара адагьы, ашьаусҭҵаара иалахәуп. Ихадоу персонажны иҟоуп ала Ельбрус.

Асериал ҭырхуеит акиноеилахәыра «Ика Продакшн». Аилазаара анапхгаҩы хада – Лабахәуа Аинар Алиас-иԥа.