Print this page

Ҭемыр Агрба напхгара зиҭоу Аԥснытәи аделегациа Донецктәи Ареспубликахь агуманитартә цхыраара ргеит

Жәабран 23, 2026 23

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имшныҳәа аламҭалаз Аҟәа ақалақь ахада напхгара зиҭоу Аԥснытәи аделегациа, Донецктәи Ареспубликахь, аруааи аҭынч уааԥсыреи рзы агуманитартә цхыраара ргеит.

Аидара дәықәҵан Аԥсны Ахада Бадра Гәынба инапынҵала.

Агуманитартә еидара шьақәгылоуп ацитрустә шәырқәа, ахрыӷ, аконфеҭқәа уҳәа рыла.

Аделегациа аилазаараҿы дыҟоуп Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа ахантәаҩы Баҭал Агрба.

«Ааԥсареи есымшатәи аибарххарақәеи шыҟоугьы араҟа ауаа аидгылара аадырԥшуеит. Агуманитартә цхыраара, ари афатә зҭоу кәалаԥ мацарам, уи иаанарԥшуеит иҷыдоу арратә аоперациа ацәаҳәаҿы иҟоу ауаа адгылара шрымоу», - ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.

Жәабранмза 22 рзы Аԥснытәи аделегациа аҭааит Ахра Аҩӡба напхгара зиҭоу, милаҭ рацәала еилоу илегендатәу абригада «Пиатнашка».