Print this page

Абиԥарала еимырдо аус

Жәабран 22, 2026 143

Пицунда иҟоу Ҳагәышьаа рферма аӡбахә заҳахьоу шәыҟазар ҟалап. Уаҟа ажәқәа рхьоит амузыка аҿакны. Ари џьашьатәуп, ажәқәеи амузыкеи еидҳәалашьас ирымоу ҳәа ухаҿы азҵаара ааиуеит. Ари аилкааразы, Пицунда ҳаҟан, арахә ааӡарҭа зтәу Адгәыр Ҳагәышь хаҭала зегь ҳирбеит, иаҳзеиҭеиҳәеит.

Арахә ааӡара ари аҭаацәараҿы абиԥарала иааргоит. Адгәыр иаб Рудик, уи иаб Митиа ари аус иаҿын. Иаргьы дхәыҷы аахыс иибоз аус аихаҳара даҿуп. Адгәыр жәаха шықәса шихыҵуаз Суворовтәи аҵараиурҭахь дрышьҭит. 2013 шықәса рзы Аԥсныҟа дхынҳәит. Иаб идунеи аниԥсах ашьҭахь, аферма дахагылар акәхеит.
Аханатә Адгәыр ҳнаигеит ашә­ҟаҵарҭахь. Иара аферма иацәыхарамкәа иҟоуп. Ахш шааргалак, ахшмҩангага аҿакны ачан ахь иҭарҭәоит. Иара 500 литра акуеит, аха уажәы ахш маҷуп, иаамҭам. Ачан аҿы ахш аарԥханы ацырӡы арҭоит. Ашәаӡа напыла ихырхуеит. Араӡагақәа ирҭаҵаны иаанрыжьуеит ицәԥсаанӡа ҳәа. Ашәаӡа аилаҵаразы ианымазеихалак, уи аус нап адыркуеит. Ашәаӡақәа абжа архьшәашәага иҭарҵоит, абжа еиларҵоит. Араҟа ашәаӡа рҭахуп ачаҳаржәқәа рыҟаҵаразы. Ааигәа урҭ рыҭира иалагеит. Ашәеилаҵа акәзар, уигьы аахәаҩ дамоуп.
Уажәы, аӡын аамҭазы, ахш ааргоит мышкахьы знык, ажәқәа зегьы ахш рымырхӡом.
«Уажәы ажәқәа иаҳхьо даара имаҷуп. Аамҭак ашьҭахь зынӡагьы рхьара ҳаҟәыҵуеит. Хәажәкыра мзазы еиҭа ҳалагоит. Сынтәа 25 хы роуп иаҳхьо. Абжьааԥны есышықәса 100 хык раҟара ҳаман. Рхыԥхьаӡара ҳармаҷит рбара ҳцәыцәгьахеит азы. Рыфатә ахә иацлеит, алашара ахә иацлеит (афермаҿы иҟоу амаругақәа зегьы ирацәаны афымцалашара ргоит), ари зегьы анеицыла ицәгьахеит. Аферма аусура зынӡа иаанымгыларцаз, арахә ҳармаҷит, рхьарагьы напыла ҳалагеит», - ҳәа ҳзеиҭеиҳәоит Адгәыр.

Афермаҿы ашәлых ада, аҟаҵара иалагеит аҭубар. Адгәыр хҩык ахәыҷқәа драбуп. Урҭ аҭубар даара бзиа ирбоит, аха иааухәо афатә агәрагара уадаҩхеит азы, ирҿаиҵаӡом. Ихатәы аҟаҵара аԥшьигеит. Афермаҿы ииааӡо арахә еилаԥсоуп, иҟоуп ахш бзианы изымҵуа, иҟоуп акәац азы ииааӡо. Адгәыр акәац иҭиуеит ихатә крыфарҭақәа рҿы. Изҭаху зегьы ирызхартә еиԥш имам. Зегьы ианреиҳау, 15 цәы шықәсык иҭир илшоит. Уи даара имаҷуп.
«Аферма ахашәала рацәаны иунаҭаӡом. Ари аус саҿуп абиԥарала иахьааҳго азы. Схәыҷы аахыс сзыдҳәалоу ауп, саб-сабду аҿын, сара сҿы иаангылар сҭахым», - иҳәеит Адгәыр.
Иара ирахә ахкаарақәа рҿы ибоит. Аԥхын адәы иабозар, аӡын зегьы акрырҿаҵалатәуп. Афермаҿы еиқәиршәеит аҟашәеилаҵа ахьыҟаиҵо азауад маҷ. Адгәыр иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаарго ахаҭабзиара азҵаарақәа цәырнагоит, уи адагьы, рыхәқәа ҳаракуп. Иԥышәа инарбеит, арыц аҭагалара еиҳа ишымариоу, аҟашәеилаҵа аҵкыс. Убри аҟынтә ихала арыц ҭагаланы, аҟашәеилаҵа ҟаҵаны, авитаминқәа алаҵаны, арахә ирҿеиҵоит. Аҭәа акәзар, иааихәоит Урыстәыла. Мышкы 75 ҿаҳәара аҭәа риҭоит. Машьынак аҭәа фымш роуп иахьизхо. Адгәыр ихкаарақәа абжеиҳан иӡлачны иҟоуп, Инкит иахҟьаны.
Аферма ашә шаадыртлак, ажәқәа рҭыԥ рдыруеит, рхала инеины игылоит. Имазеины ишьҭаз рхәы афара иалагоит. Адгәыр афермаҿы аусзуҩцәа имоуп. Зегьы ианраамҭоу ишахәҭоу иҟарҵоит. Атәы здыруа аусзуҩ акыр даԥсоуп, иҳәоит иара. Иԥышәа инаҭо адыррақәа рыдагьы, егьырҭ атәылақәа рахь дцаны ибоит арахә ааӡарҭақәа рҿы русушьа шеиҿкаау, ажәлақәа алиԥшаауеит.

Адгәыр ииааӡо арахә еиуеиԥшым. Иҟоуп швециатәи ҳәа изышьҭоу зшьа цқьоу, имоуп аԥсуа ажәқәа. Иара убас, Адгәыр аԥышәарақәа мҩаԥигоит, ажәлақәа еилеиԥсоит. Ус имоуп аԥсуеи «джерсеитәи» ҳәа изышьҭоу, абердинқәа, иҟаԥшьу даниатәи. Абасала, ҳаԥсабара ианаало ажәла алхра дашьҭоуп. Еиҳарак ииҭаху, ачымазарақәа ирцәымшәо арахә ааӡароуп, иара убас ихадароуп ашьха ицо арахә аиура.
«Ҳаамҭазы илырхуа ахкқәа ашьха изцаӡом, иаҳҳәап, «голштино-фризтәи» ажәла. Ахш бзианы иурҭоит, аха рбара цәгьоуп ҳара ҳҿы. Ҳара иаҳнаало ажәлақәа рахьынтә избаз, швицтәи ажәлоуп. Ахши акәаци азы ибзиоуп. Жәохә литра бжьаратәла иамҵуеит. Ацәқәа ракәзар, аашәы кьыла рҟынӡа инаӡоит. «Абердинқәа» кны изсымоу, ркәац даара ихаауп азоуп. Дара гыларалагьы акырӡа еиҳауп егьырҭ ажәлақәа раасҭа», - ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Адгәыр, имоу арахә реиԥшымзаара атәы дазааҭгыло.
Иара ишьамаҟа абжеиҳарак аԥсуа жәқәа рыла ишьақәгылоуп. Ҩажәи жәаба хы швицтәи роуп. Иаанхаз еилаԥсоу жәлақәоуп. Адгәыр ихала ажәлақәа алиԥшаауеит. Зны иҭиҵаауеит, анаҩс аԥышәарақәа мҩаԥигоит. Афермазы иҭахуп ахш бзианы измыҵуа ажәлақәа, иара убас акәац зқәугьы. «Уаанӡа аҳәыс шәкьылак инеирцаз ԥшьышықәса ахыҵыр акәын. Уажәтәи ажәлақәа жәба-ааба мзы шырхыҵуа шәи ҩажәа кьыла рҟынӡа инеиуеит. Ҩышықәса шырхыҵлак рышьра ҟалоит, урҭ ҩышә кьыла еиҳахоит», - иҳәоит иара.
Убри аан иҳәатәуп, еилаԥсоу ажәлақәа зегьы шьаҭас ишрымоу аԥсуа жәы. Избанзар, уи ажәла аҭыԥ иатәуп, ашьа иалоуп ҳаԥсабара. Афермаҿы ииуа аҳәарақәа зегьы, раԥхьатәи амш азы, аԥсуа ажә иамҵыз ахш ддыржәуеит. Игәаҭан ирымоуп, ус ирааӡаз аҳәыс иаҳа ишыӷәӷәоу.
Арахә зегьы рхатә номерқәа рымоуп. Иахьгылоу аҭыԥ аҿы икыдуп аӷәы, уи иазкны еиуеиԥшым адыррақәа ахьану. Уи ала дарбанызаалак идыруеит, ари ажә ишазныҟәатәу, ишбатәу. Арахә еиҳарак изыцәшәо ацәаакыреи ахьҭеи роуп. Уи азы афермаҿы урҭ ахьгылоу аҭыԥ шьҭыхны иҟаҵоуп, ицқьоуп, ибахӡа иҟоуп. Араҟа мышкахь ҩынтә рҭыԥ рыӡәӡәоит. Ажәқәа ргыларҭақәа зегьы еимадоуп ахшмҩангагала. Ари аферма иаҷыдароу акәны иҟоуп ажәқәа анырхьо аамҭазы амузыка аҿаркуеит. Уи зыҟарҵогьы, ажә арҭынчуеит ҳәа ауп. Арахә анырхьо ишәар, ахшгьы аӡоит. Амузыка анраҳауа, иаҳа рҽеиужьны игылоит. Ари аметод Адгәыр ибеит Германиа фермак аҿы, нас иара иҿгьы ус аҟаҵара далагеит.
Аҳәарақәа рҭыԥ акәзар, хазы иҟаҵоуп. Урҭ ахьҭа иамкырцаз иҷыдоу алашарбагақәа рхаркуп. Ус мызкы ирбоит. Урҭгьы рхатә ҭаӡҩырақәа рызкыдуп. Дара шилак ан иаҵырхуеит. Ашьҭахь маругаҷыдала ишәа-иза акрарҭоит.
Афермаҿы ирааӡоит аҽада. Иара ааигәа иаархәеит. Адгәыр игәы иҭоуп агәыжь ажәла алхра. Ашьха ианцо азы иара иаҳа ихәарҭоуп иҳәоит. Есышықәса иара ирахә ашьха икаицоит. Афермаҿы иаанхо ирхьо мацара роуп.
Адгәыр ҳаигеит ахкаарахь. Уаҟа иҭарымкыцыз арахә еизаны игылан. Иара иаҳирбеит ржәытә ферма. Шықәсык аԥхьа дара уи аҭыԥ ааныжьны арахь ииасит, адгьыл ахьыцәаакыз азы. Адгәыр иԥсы изалымхуа иалоуп аҽқәа. Ашьацқьа злоу иааӡоит. Дара зегьы рыхьӡ идыруеит, шаҟа рхыҵуа. Адгәыр иҳәоит дхәыҷы аахыс аҽқәа иаҳа бзиа ишибоз. Ажәқәа усҟак иҭахымызт. Иабгьы иаиҳәалон, «ужәқәа зызбо аҽқәа раҳаҭыраз ауп» ҳәа, иҳәоит дԥышәарччо.
Угәы еизҳауеит ахкаара зегьы арахә ҳәуа ианықәу. Ажәқәа ԥсылоуп, аԥхын аҳаскьын иаҵәа иабоит, аӡын аҟашәа. Ашьамаҟа ааӡара иацу аџьабаа здырҵәҟьо, уахгьы-ҽынгьы уи аус иаҿу иоуп. Ҳара еиҭаҳҳәаз уи ахәҭак ауп. Аха, иага ус иҟазаргьы, арахә ааӡара ара иаҟәыҵӡом, уи зыԥсҭазаарахаз ауаҩы дыҟанаҵы.

Альбина Жьиба