Print this page

Гәыкала уаназнеи

Жәабран 21, 2026 104

Ауаҩы иԥсҭазаараҿы ихәарҭоуп ацәашьы, уи иахылҵуеит алашареи, аԥхарреи. Иахьатәи ҳанҵамҭа зызку ацәашьқәа рыҟаҵара знапы алаку Аила (Асҭанда) Курт-оглы лоуп.

Абар уажәшьҭа шықәсык инареиҳаны иҵуеит, ари аус лнапы алакуижьҭеи. Лара даныхәыҷыз инаркны бзиа илбон, дагьрызҿлымҳан анапкымҭақәа.
«Схәыҷы аахыс бзиа избон сӡахуан, сԥон. Ашкол саналга салагеит аимхәыцқәа ирылхны ахәдахаҵақәеи, ашәырақәеи рыҟаҵара, уи аинтернет бызкаҭаҳақәа рҟны избеит, исгәаԥхеит, исзыҟамҵоз сыгхақәа рыла исыриашон, сгәы ацәкамыжькәа снапкымҭақәа рӡыргара аҟынӡагьы снеит, еиҳарак ашәырақәа, ирацәаҩуп иаднаԥхьалаз аҭыԥҳацәа, снаплых аазхәарц зҭаххазгьы, урҭ зегьы какаҷ лыхын»,- лҳәеит аҭыԥҳа.
Ашықәс алагамҭазы Аила илызцәырҵит иҿыцу бзиабаракгьы, ацәашьқәа рыҟаҵара.
Имаҷым ари аус аҿы Аила лхы иалырхо амаҭәахәқәа. Дара излылхуа зегьы еиуеиԥшым ирацәоуп, еиҳарак урҭ аинтернет аҟны иаҿалҵоит, иҟоуп адәқьанқәа рҿгьы ианаалхәогьы. Аҭыԥҳа иҟалҵо лнапкымҭақәа шәагаалеи формалеи еиԥшӡам. Ҳара иҳауит алшара Аила ацәашьқәа шыҟалҵо ҳаблала абара, уи иаҳзеиҭалҳәеит лус иаҵоу аҷыдарақәа ртәы.

Ацәашьы аҟаҵаразы иалысхуеит иақәнагоу ацәа, уи ус баша амца иақәыргыланы аршра салагар иԥхасҭахоит, убри аҟнытә аӡыршы иахакны исырӡыҭуеит, иасҭоит иара зырхаауа афҩы хаақәа, иара убас аԥшшәы азҭо амарҭху, нас ихьшәашәаанӡа сазыԥшуеит, ианыхьшәашәалак аформақәа ирҭызгоит»,- лҳәеит Аила. «Ацәашьқәа зҭоу аформақәа рыҭгара аамҭа сымамзар, уи акгьы иаԥырхагаӡам, аха сара маҷк агха исыхьыз иахҟьаны, раԥхьаӡатәи сцәашьы аныҟасҵоз иаразнак аҭгара салагеит, иара ибзианы иахьымшәыцыз иахҟьаны иҟәымшәышәцәахеит»,-лҳәеит лара.

Аҭыԥҳа лнапкымҭақәа рылылхуеит еиуеиԥшым ацәақәа, урҭ иреиуоуп «соевыи» ҳәа изышьҭоу ,иара убас «ашьхыцқәа» иҟарҵо, урҭ зегьы афҩы хаақәа рымоуп еиҳарак «ашьхыц» иҟанаҵо. Аила лнапкымҭақәа рыҟаҵараҿы лхы иалырхәоит убасгьы асиликони, агипси ирылху аформақәа, иҟоуп урҭ ирҭылго еиԥш, ишҭоу иаанхогьы.
Аила лусумҭақәа зегьы тематикала апсуа цәа рыҟәнуп. Илызцәырҵит убри аҩыза аидеиа, ацәашьы иалхны аҳҭны қалақь аҿы игылоу асааҭ зну абааш аҟаҵара, аха лус анагӡараҿы ацхыраара лҭаххеит, уи аҟны ацхыраара лиҭеит лҩыза Едрыс Џьынџьал, акомпиутер аҟны асахьа ҭихит, нас 3Д апринтер аҟынтәи илызҭигеит, лара агипс иалхны илылшеит абааш аформа аҟаҵара.
«Агипс аус адулара мариам, уи иацуп ауадаҩрақәа, еиҳаракгьы абааш аформа аныҟасҵоз, иаҳҳәап, асааҭ ахыцқәа, ахыб рыҟаҵара даара ицәгьан, аха егьа ус акузаргьы, асиликон иҭасҭәаз агиԥс даараӡа исықәманшәалахеит, иԥымҽӡакәаны иҭызгеит»,-лҳәеит аҟаза.

Аила иахьа аҵара лҵоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аиҭагара хырхарҭала, иара убас аԥсуа бызшәа арҵаратә центр «Аӡыхь» аҿы онлаин аформат ала арепатриантцәа аҵара длырҵоит. Аамҭа анлымоу адипломаттә школ аҟны имҩаԥылгоит анапҟазара иазку аҟаза классқәа, уи даара гәахәарыла ирыдыркылоит.
«Иҟалалоит снапкымҭақәа ансықәманшәаламхо, аха сгәы ацәкамыжькуа еиҭаҟасҵоит, сыгхақәа риашо, ааԥсарак сымаӡам, снапы злаку аус аҟны, уи сара сыԥсы снаршьоит, сгәалаҟазаара шьҭнахуеит. Иарбан усзаалакгьы гәыкала уаназнеи иуқәманшәаламхар залшом»,- лҳәеит аҭыԥҳа.
Аила лдаҟьаҿы имаҷым лнапкымҭақәа ирыдҵаало, ацәашьқәа аҭра пшӡақәа ирҭаҵаны, лара лгәы ишақәшәо еиԥш ирԥшӡаны аахәаҩ идылгалоит.

Марҭа Гәарамиа