Урҭ аҭоурыхтә хҭысқәа ирыҵаркуа рыҩнаҭақәа рҿы иалацәажәалар, изызҳауа аҿар ҳаԥсадгьыл аҭоурых инҭкааны, еилкааны ианырдырлак ауп Аԥсны аԥеиԥш ԥхьаҟа ианырго.
Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы 1993 шықәса ажьырныҳәа мза хәба рзы ҳаруаа ажәылара иалагараны иҟан. Уи зыхҟьаз мрагыларатәи афронт аҟны бџьарла еиқәных иҟаз, ақырҭцәа инарҭбаау ажәылара иалагараны ишыҟаз азы аинформациа ҳаруаа иахьрымаз ауп. Убри инамаданы Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы аӷа арахь ихьарԥшразы ажәылара иалагеит. Анапхгара Дбар Сергеи Платон-иԥа инапы ианын, уи ихаҭыԥуаҩцәас иҟан аполковникцәа: Кьылба Муҳамед,Ҭарба Валери, аштаб аиҳабы аполковник Гәымба Иаков.
Аӡиас Гәымсҭа аҳәаақәа ирхыҵит… Асы шьамхахьы ишьҭан… Аиҩхаа иҭҟьоз аҵааршә ухы ухнахуан. Аԥсабара сыла аҽҭанаҳәҳәеит, аҵлақәа ирықәыз ашәыб анырзышьҭымх, ана-ара икаҳаит. Аҭабиақәа ирҭатәаз ҳаибашьцәа адҵа иазыԥшын. Урҭ ахьҭагьы, асгьы ирызнымкыло ԥхьаҟа ацара иазхиан.
Ажьырныҳәатәи ажәылара иамаз аҵакы атәы аҭоурыхҭҵааҩцәа имаҷҩымкәа иазааҭгылахьеит. Иалахәызгьы иҭахазгьы дарбанзаалакгьы зегьы фырхацәоуп, ҳҭоурых наӡаӡа иахаҿны иаанхоит. Ажьырныҳәатәи ажәылараҿы 35-ҩык агәымшәақәа ҭахеит. Урҭ дыруаӡәкуп Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан инхоз Бебиа Зураб Ҷыҷыкәа-иԥа, аибашьра аԥхьатәи амш инаркны абџьар шьҭыхны аӷа иҿагылаз.
Бебиа Зураб Ҷыҷыкәа-иԥа 1951 ш. ажьырныҳәамза 24 рзы Џьырхәа ақыҭан, Гәдоуҭа араион аҟны диит. Ашәаҳәареи акәашареи злаз, зыбаҩ иацәымаашьоз, еснагь зыжәлар ирылагылаз, изықәгәыӷуаз хаҵа ӷьеҩын. Аррамаҵура Германиа дахысуан. Аԥсныҟа данаа Аҟәатәи акультура ҵаралашаратә ҵараиурҭа дҭалоит. Уаҟа арҵаҩцәа игәарҭеит аҟыбаҩ ҷыда шилаз. Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» ахь днарыԥхьеит. Акыршықәса аԥсуа милаҭтә кәашарақәа наигӡон ҟазарыла. Нас Белорусиаҟа дцоит. Уаҟа, иԥсҭазаара аҭыԥҳа ԥшӡа Лиуба илымаидоит. Хҩык ахшара рхылҵит, аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Бебиа Зураб иҭаацәеи иареи ишырҭахыз Белорусиа инхон. Аха, Аԥсныҟа иԥсадгьыл ахь дхынҳәыр шиҭахыз иҭаацәа иреиҳәеит, иагьыхынҳәуеит. Аԥсны зегьы уск-уск иаҿын, ус ишыҟаз аибашьра иалагеит. Иԥазаҵә Амиран Белорусиа ақыҭанхамҩатә Академиа дҭан, 20 ш. ихымҵӡацызт.
Аԥсны аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа Зураб иҩызцәа днараԥхьагылеит. Ажьырныҳәа хәба рзы ажәылара ишалагоз идыруан… Ҽнак шьыбжьоназы аҩны дааит, лҳәеит иԥшәма Лиуба, – иԥштәы ихҟьаны дыҟан. Уаанӡа амцашоурагьы иман, аха аҩны даҵаиомызт, аҭабиаҿы ҳаҷкәын иқәлацәа ҭатәоуп, сара аиарҭа сышԥалаиои?! – ҳәа дгәамҵны аҭак сиҭон… Ак сыхьыр, ҳхәыҷқәа бырхылаԥшла, - ҳәа иажәа иалан. Нас, еиҭах имҩахь иҿынеихон…
Бебиа Зураб Ҷыҷыкәа-иԥа изы аҵыхәтәантәи жәыларахеит ажьырныҳәатәи. Уи амш лгәаларшәо: – Ажәыларахь ицамҭаз аҩны иааира ахаангьы сыбла ихыҵуам. Иԥҳацәа изхара изымбар ҳәа дшәозшәа аҩыџьегь шьҭихит, игәыдикылеит, иршәит, драцәажәеит, драхәмарит. Татиана, Таниа ҳәа леиҳәон, Викториа дхәыҷын иҟаз аилкаара лцәыуадаҩын, аха лаб лнапхәыҷқәа ихәда иакәыршан илкын… Убас аҩны дындәылҵны дцеит… Адәахьыҟа асы шьҭан, аҩны ҳдәылымҵӡакәан аԥенџьыр схәыҷқәеи сареи ҳкылыԥшуан… Ашҭа данҭыҵ ҳара ҳашҟа дааԥшит. Ус дымқәацаӡо минуҭқәак дгылан. Нас, изыԥшыз иҩызцәа рмашьына дынҭатәеит… Уи нахыс уаҳа дҳамбаӡеит… – лҳәеит иԥшәма.
Бебиа Зураб ажьырныҳәатәи ажәылара аан иҩызцәа раԥхьа дгыланы, аӡиас Гымсҭа дырит. Аиҿахысра ӷәӷәа цонаҵы, Зураб иҩызцәа ивыршьааит. Иара ишьапы ахы ақәшәеит: – Ихала ихәра ҿеиҳәеит, иҩызцәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәа еизигеит, – лҳәеит аибашьраан медиаҳәшьас иҟаз, зԥазаҵә ажьырныҳәа мза хәба рзы дҭахаз Ҳаразиа Валера Иуана-иԥа иан, Ҳаразиа Лиалиа - апатронақәа иҩызцәа иҭахаз рҟынтә иганы, ихы иаирхәеит, деибашьит… Ашьа дылагылан, иҩызцәа зегьы еилараа ишьҭан… Аҵыхәтәан иџьыба иҭаз ипатрон, иаргәҵысҭа инарбаны дхысит. Ҳара уахь ҳнеиуа иҟамызт, Гәымсҭа аарцәынтә аланарԥшыгала ҳаԥшуан… Зураб агәаӷьра дуӡӡа змаз аԥсуа хаҵан, – лҳәеит Ҳаразиа Лиалиа.
Аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Мишьелиа Ҭамаз: – Зураб Ҷыҷыкәа-иԥа иҭаацәа, иҩызцәа ҳҿы еснагь иажәа иалан: – Ахаан аӷа инапаҵаҟа сытҟәаны сигартә илсыршаӡом, схазы еснагь иҵәахны патронк сымазаауеит, ҳәа. Зыԥсы ҭоу ицеибашьуаз, иаанхаз, даҳхашҭны иҟамлацт. Уи дхаҵаҵәҟьан, ихы аасҭа иԥсадгьыл бзиа ибон… Иихьчоз иԥсадгьыл иԥсы алеиҵеит…
Бебиа Зураб иԥазаҵә Амиран 1972 ш. нанҳәамза 27 рзы диит. Белорусиа ақыҭанхамҩатә Академиа дҭан. Аԥсны иԥсадгьыл ахьчаразы иҵара ааныжьны дааит. Иҭынчӡа, зыбжьы умаҳауаз аҷкәын дхаҵаха даақәгылеит.
– Саби уи иҩызцәеи рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл ахьчаразы сцоит. Узаҵәуп, умцан бҳәеит ҳәа, сара саангылаӡом. Аԥсназы иҭахаз ршьоуразы, зегьы ҳгылароуп, - иҳәан иан даагәыдкылан, иҩызцәа иҽырхьигӡеит, иаб данҭаха ашьҭахь.
Амиран Зураб-иԥа Џьырхәаа ркоманда далалеит, иаб дзаԥхьагылаз аибашьцәа аӡәы ҳәа днарылагылеит. 20 шықәса нагӡаны изхымҵыцыз 23.07.1993 ш. рзы дызгашаз ахы иқәшәеит, дҭаацәараӡамызт.
Бебиа Зураб Ҷыҷыќа-иԥа Леон иорден ианашьоуп. Имоҭацәа рыччабжь зҭыҩуа иашҭа наӡаӡа аҭоурых ду азаанхеит, аԥеиԥши аизҳареи рыцзааит. Афырхацәа зыԥсы зыԥсадгьыл иақәызҵаз ахааназ хашҭра рықәымзааит.
Хашҭра зқәым аҭоурыхтә хҭысқәа ҳгәаҵаҿы наӡаӡа иаанхоит. Ажьырныҳәатәи ажәылара Аиааира аагара иацхрааит ӷәӷәала.
Гугуца Џьыкырба