Print this page

Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа азхом

Жәабран 20, 2026 18

Матуа иҟалҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа разымхара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рацәоуп.

«Ари азҵаара аӡбаразы иазоужьуп афинанстә цхыраара. Уи иабзоураны
Аԥснынтәи аҿар аҳәаанырцә аҵара рҵоит. 55-ҩык астудентцәеи 48-ҩык аординаторцәеи иахәҭоу азанааҭқәа рыла рдыррақәа еиздырҳауеит. Аха агәабзиарахьчара асистемаҿы иҟаҵаз аиҭакрақәа ирыхҟьаны аҳақьым изанааҭ зманы ихынҳәуа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара ауадаҩрақәа цәырнагоит. Ари азҵаара аӡбаразы иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылантәи аспециалистцәа радԥхьалара азҵаара хшыҩзышьҭра арҭоит», – лҳәеит Алиса Матуа астол гьежь аҿы.

Матуа лажәақәа рыла, араионқәа рҿы аусура еиҳа иаднаԥхьалаларц азы аусуратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра аҭахуп.

«Агәабзиарахьчара азҵаара комплексла иазнеитәуп, иазыҟаҵалатәуп аҭыԥантәи аҳақьымцәа, жәларбжьаратәи аԥышәа ахархәара аҭалатәуп », – ҳәа лҳәеит лара.