Print this page

Астол гьежь «Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи» аҿы иазааҭгылеит Самырзаҟантәи аԥсуаа рызҵаара

Жәабран 20, 2026 20

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иазгәеиҭеит адемографиатә зҵаара шыӡбатәу.

«Иҳамоу арбагақәа рыла, 18 қыҭа рҿы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шеиҵахаз убарҭоуп. Ашкол аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡарагьы маҷхеит: 2020 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара 259-ҩык рҟынӡа инаӡон, уажәы — 213-ҩык. Аҭаацәа рыхшара рԥеиԥш бзиазы рынхарҭа ҭыԥқәа аанрыжьуеит. Ари азҵаара ахшыҩзышьҭра аҭахуп», – ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.