Print this page

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи рраунд аҽазыҟаҵаратә еилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Жәабран 19, 2026 19

Аилацәажәараҿы ихадоу теманы иҟалеит, имҩаԥысраны иҟоу араунд амшхәаԥштә азҵаарақәеи арегионалтә шәарҭадара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

«Ҳара ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу араунд амҩаԥгара шхымԥадатәиу шьақәҳарӷәӷәоит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарразы акырӡа зҵазкуа хырхарҭоуп, рыцҳарас иҟалаз, макьаназы ҳара ҳгәаанагара ахьаҳҳәоу, ҳтәыла аинтересқәа ахьҳарӷәӷәо, амч ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра аус ахьадаҳулоу ҭыԥ заҵәык ауп иҳамоу», – иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә ҟәша аиҳабы Лаша Аҩӡба.

Амч ахархәара мап ацәкразы аусшәҟәы аус адулара хырхарҭа хаданы иалкаан.

Аиԥылара иалахәыз ҩаԥхьа Гал араион аҿы имҩаԥысуа аинцидентқәа рԥырҟәҟәааразы амеханизм аусура алагара азҵаара шьҭырхит. МПРИ аусура аиҭахацыркра иацхраауа аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.

Иара убасгьы ирылацәажәеит агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәагьы.

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд азԥхьагәаҭоуп хәажәкырамза 18-19, 2026 шықәсазы.