Print this page

Аԥсуа бызшәа аилазаара Иандекс абжьытә технологиақәа ирылагалахоит

Жәабран 18, 2026 11

Аԥсуа бызшәа аилазаара Иандекс абжьытә технологиақәа ралагалара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараан.

Аиԥылараҿы иазгәаҭан 2025 шықәса анҵәамҭазы аԥсуа бызшәа атексттә формат ала Иандекс-аиҭагара ишалагалаз, уи аԥсуа бызшәа ацифратә цәырҵраҿы ихадоу етапны иҟалеит. Убри аамҭазы Иандекс аҿы иҟаӡам алшара аԥсышәала аиҭага абжьы ахаҵара, ма аиҭагаразы абыжьҭаҩра.

Анаҩстәи етапны иалкаауп атексттә формат инаваргыланы ажәаҳәа аиҩдыраарагьы, уи иабзоураны аԥсуа бызшәа ацифратә платформақәа рҿы инарҭбааны ахархәара аиуеит.

Ари апроект анагӡара аҵак ҷыда амоуп аԥсуа бызшәа ахархәара арҭбааразы, еиҳаракгьы аҿар рыбжьара. Иахьатәи аамҭазы абжьытә технологиақәа рхархәара абызшәа аларҵәара иацхраауеит.