Апрокуратура хықәкы хадас иамоуп ақьаад мацараҿы акәымкәа, азакәан аҿаԥхьа зегьы еиҟароу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Апрокуратура хада аколлегиа аилатәараҿы.
2025 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 636 цәгьоура.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аанкыларазы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аихьӡарақәа шамоу.
«Аха шәааи, аиаша ҳҳәап, ҳара ҳзы ари макьанагьы иӡбам хырхарҭоуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Гәынба иажәақәа рыла, иҷыдоу ахшыҩзышьҭра аҭатәуп амазаратә цәгьоурақәа рҿагылареи амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшреи.
«Иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара 152 рҟынӡа инаӡеит, урҭ 50 инареиҳаны ԥсыҭбара рыцын. Ари рыцҳара дууп, иаҳзымыхьчаз ҳауаажәлар рыԥсҭазаароуп. Ас еиԥш аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырызго акакәны иаанхоит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Бадра Гәынба Апрокуратура хадеи егьырҭ ахылаԥшраҭаратә усбарҭақәеи ирыдиҵеит иарбоу ацәгьоурақәа раԥыхразы, алҵшәа бзиа аазырԥшуа ауснагӡатәқәа мҩаԥыргарц.
«Ауаа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.