Print this page

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа 2026-2027 шықәсқәа рызтәи рыплан рнапы аҵарҩит

Жәабран 17, 2026 26
Абри атәы аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци.
Аусшәҟәы ишьақәнаргылоит аусеицура ахырхарҭа хадақәа, адәныҟаполитикатә шьаҿақәа ркоординациа, ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.