Print this page

Апоет, арҵаҩы-ааӡаҩ Валери Дауҭиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

Жәабран 17, 2026 37

Валери Константин-иҧа Дауҭиа диит 1936 шықәса февраль 17 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуан аҧсышәала.

1956–1961 шш. раан аҵара иҵон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала.

1961-1984 шш. рзы аус иуан Цандрыҧшьтәи ашкол-интернат аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. 1994 –1995шш. раан акәзар, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1956 ш. инаркны. аҧхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит: агазеҭ «Аҧсны», ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа реизга «Ахҿарах» (1967). Иажәеинраалақәа агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашә», Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭажьра – Аҟәа-Москва, 2009).

В. Дауҭиа иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа аҧырҵахьеит аҧсуа композиторцәа: Р. Гәымба, Б. Багаҭелиа, О. Хәынҵариа. Урҭ рыхәҭак анҵоуп афирма «Мелодиа» аҟны. Иажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭагоуп.

Аҟәа иҭыҵхьеит ишәҟәқәа: аҧсышәала: Амшыни амреи. Ажәеинраалақәа. (1983);  Сҽыҩ. Ажеинраалақәа. (1986); Гагрыҧшь. Ажәеинраалақәа. (1987); Имԥсуа ахьӡқәа. Ажәеинраалақәа. (2001); Сыҵлеи афырҭыни. Ажәеинраалақәа. Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. (2006); Хашҭра зқәым. Аԥсны зхы ақәызҵаз ирызку альбом-шәҟәы. (2006); аурысшәахь аиҭага: Отцовские заветы. Ажәеинраалақәа. (Гагра, 1995).

Валери Дауҭиа иԥсҭазаара далҵит 2009 ш. апрель 25 рзы.