Уажәызы ари амаҵзура рхы идырхәар ҟалоит Аҟәа ақалақь иқәынхо ауааԥсыреи, Аҟәеи Гәдоуҭеи рраиоқәа руааԥсыреи.
Ахархәага аҭелқәа рахь аҭагаларазы алшара ыҟоуп App Store, Ru Store рҿы.
Асервис ахархәаразы аҽҭагалара аҭахуп, ианҵатәуп: ажәла, ахьӡ, абхьӡы, аҭел аномер, иара убас ахатәы ԥхьаӡара аномер.
Ахәԥса ашәара мҩаԥысуеит урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа рҟынтәи ма A-Mobile аԥараҭрала.