Абарҭқәеи егьырҭ азҵаарақәеи еилаҳкаарц ҳалҭааит Гагра иаԥҵоу хатәгәаԥхаралатәи адемографиатә фонд «Анасыԥ» напхгара азызуа, еицырдыруа ақьаӷьариа Нана Сиҷинааԥҳа.
Абар 20 шықәса ирылагӡаны Нана лыбзоурала иаԥҵахахьеит 100 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Лара ҟазшьала илахҿыху, алаф зҳәо ,ауаа ирзааигоу уаҩуп.
Нана излалҳәаз ала, даара агәаҳәара лымоуп аҭаацәара иалам зегьы ацхыраара рыҭара. Иахьагьы илыдҵаало рацәаҩуп, еиҳарак анацәа зыхшара зынасыԥ «иахыԥахьоу», уи еиҳарак 30 - 35 шықәса ирҭысхьоу роуп. Аҟаза лажәақәа рыла илылоуп убри аҩыза аҟыбаҩ, доусы «еинаало» днарыхәаԥшны еилылкаауеит, уи шьҭрала иаауеит ланду, лаб иаҳәшьцәа рҟынтәи, урҭгьы қьаӷьариацәан.
Нана ари еиԥш иҟоу ацхырааразы аԥсуаа реиԥш илҭаауеит егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы, аерманцәа, абазақәа, адыгақәа уҳәа. «Сара даара гәахәарыла исыдыскылоит, еибасырдырыз ауаа, иахьа рҳәоу еиқәышәаны рыхшара анырааӡо», – лҳәоит лара.
Аԥсны ақьаӷьариа даҭахума ҳәа ҳазҵаара аҭак ҟаҵо, «хымԥада даҭахуп, иара уи адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам адемографиа ашьҭыхразы, убри азы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, иҟаларц аизҳара, аиҵыҵра»,–лҳәеит Нана.
Шәнапы злаку аус аҟны еиҵахара шәымоума ҳәа ҳанлазҵаа «Гагра араион анапхгара аҟынтәи ацхыраара шсымоугьы ,даҽа маҷк агәаҳәара аадырԥшларц сҭахуп, аха уи азы гәкажьра сымаӡам, исылшо зегь ҟасҵоит ауаа рыԥсҭазаара еиларҵарц рыдгылара ацхыраара аус аҟны»,– лҳәеит лара.
Марҭа Гәарамиа