Араҟа аԥсуа ԥҳәызба лцәашәҵатәы аазырԥшуаз рколлекциа алкаахеит «Иреиӷьу аԥсуа маҭәа ҳаамҭазтәи аинтерпретациа» аноминациа аҟны.
Анаҩс, абаҩхатәра злоу анапҟазацәа рырҿиара амҩа еиҳа инарҭбааны иаатит, ааԥхьара роуит, рҽагьаладырхәит Москва имҩаԥгаз Жәларбжьаратәи Атомтә мода амчыбжь.
Адизаинерцәа реихьӡарақәеи, урҭ аханатә ари азанааҭ ахь ихьазырԥшызи, рхықәкы хадеи реилкааразы ҳара ҳлыҿцәажәеит адизаинер қәыԥш Салима Ҳашыгԥҳа.
Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет «акостиум адизаин» аҟәша аушьҭымҭа, уажәшьҭа аԥсуа бренд «APSSA» аиҿкааҩцәа ируаӡәку Салима Ҳашыгԥҳа иазгәалҭеит дхәыҷаахыс аӡахра, аԥара, ақәҵара уҳәа анапҟазара дшазҿлымҳаз.
«Сара ибзианы сылхаануп санду Уардиа Инаԥҳа, уи адырды ала аласа лхахон, нас илхахаз аласа иалхны амаҭәа ԥхақәа лԥон, лнапы ҟазан. Уи инаҷыданы, схәыҷаахыс даара игәцаракны исымаз, хырҩа зысҭоз акы акәын иахьагьы аҩны иҳазкнаҳау, акыр шықәса зхыҵуа сабду Мкан Ҳашыг иуапа. Еснагь иџьашьаны сахәаԥшуан ауапа аҩнуҵҟала, еиуеиԥшым аԥшшәқәа рыла ихырҷаны, шәҭыла иқәҵаны иахьыҟаз. Сызҳацыԥхьаӡа сабду иуапа ахь исымаз аинтерес еиҳагьы иацлон. Адизаинер изанааҭ алхрахь схьаԥшра зыбзоуроу еиҳарак урҭ роуп. Анаҩс, инҭырҳәцааны уи ашҟа исымаз азҵаарақәа рҭак аԥшаареи аҭҵаареи рзы аҭагылазаашьа соуит», – лҳәеит уи.
Салима лажәақәа рыла, лабду иуапа аӡбахә Сарида ианылзеиҭалҳәа, аҩыџьагь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иадҵаалеит, аҭоурых ҭырҵааит. Аха, анаҩс, ироуз адыррақәа рхархәарала, аус шадулатәу иазхәыцны, иазнеины ақәҵашьа рхала ирҵеит. Уи излаҳалҳәаз ала, ауапа аҩнуҵҟала шәҭыла ақәҵара аҵакы амоуп. Ажәытәан ахаҵа иуапа анеимҟьоз напыла иқәҵаз ашәҭқәа ааԥшуазар, аҩнаҭаҟны знапы ҟазоу, ақәҵара здыруа аҭыԥҳа, аԥҳәыс дшыҟоу аанагон.
Салима лцәажәараҿы иазгәалҭеит Саридеи лареи еидызкыло арҿиара амацара шакәым, урҭ аиуара шрыбжьоу, ихәыҷаахыс ишеибадыруа, ишеиҩызцәоу, уимоу, аиҳәшьцәа реиԥш ишеизыҟоу, арҿиара еиҳагьы ишеизааигәанатәуа.
«Саридеи сареи хықәкык еицҳамоуп, ҳдунеихәаԥшышьеи ҳгәаанагарақәеи еиқәшәоит, арҿиаратә усуразы ҳидеиақәеи ҳхәыцрақәеи шамахамзар еиԥшуп. Еиуеиԥшым агәаанагарақәа анҳазцәырҵуагьы акаҿы ҳазааиуеит, иҟоуп хаз-хазы ҳанхәыцуагьы, ҳазнеишьа анеиԥшхо, еиҳарак ажә́ада ҳаилибакаауеит. Ҳәарада, арҿиараҿы ас еиԥш аизыҟазаашьа даара акыр аҵанакуеит. Ҳастудентра ашықәсқәа рзы еснагь ҳазхәыцуан, ҳхатәы ус, ҳарҿиара мҩақәызҵо, иҳәаақәызҵо аԥҵара, аартра. Уи акәхеит, ҳгәаҳәара анагӡара ҳалшеит ҳҭаацәа рыцхыраарала. Иаԥаҳҵеит аԥсуа бренд «APSSA», – азгәалҭеит адизаинер қәыԥш.
Салима лажәақәа рыла, абренд ахьӡгьы машәыршақә иҟалаз акы акәым, ажәа «аԥсы» шьагәыҭс иамоуп, ҵакыла «аԥсуа», «Аԥсны», «Аԥсуара» иазааигәоуп. «Ҳара ҳазхәыцуан зегь раԥхьаӡа аҵакы, уи инаваргыланы аҳәара мариазарц, англыз анбанқәа ахархәара раҳҭеит, егьырҭ атәылақәагьы азхьаԥшра арҭарц» – лҳәеит уи.
Жәларбжьаратәи афестиваль «Амандарин» ралахәхара шыҟалаз атәы дазааҭгыло, Салима дҳацәажәон:
– Акыр ҳлакҩакуан, иқәаҳҵеит-иқәаҳхит, афестиваль аҽалархәразы иҟаҵаз алаҳәара ахыркәшара аҵыхәтәантәи амш азы Саридеи сареи иаҳгәаӷьит ҳхы ԥаҳшәарц. Ҳколлекциа аналыркаа ашьҭахь, ҷыдала, 10 усумҭак, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль акәашацәа рзы иаԥызҵаз, Жәларбжьаратәи афестиваль «Амандарин» аҟны «Иреиӷьу аԥсуа милаҭтә хаҵамаҭәа аԥҵаҩы» ҳәа иалкааз адизаинер Кадыр Тәанба ибзоурала иҟалеит ҳара Москваҟа ҳцара. Уи ааԥхьара ирҭеит афестиваль «Амандарин» амҩаԥысра ашьҭахь, Жәларбжьаратәи Атомтә мода амчыбжь ахь. Ҳҩыза адизаинер ҳаӡбахә реиҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәа. Урҭ ҭелла рыҽҳамардеит, ҳусумҭақәа анырба аинтерес шьҭырхит, иргәаԥхеит. Аха, ҳара ҳколлекциа акы ада егьырҭ хиамызт, иҳамаз аескизқәа аба ахь ииагатәын, иӡахтәын, иқәҵатәын, аус адулатәын аамҭа кьаҿк иалагӡаны. Аԥсны аӡыргара, аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа иахәҭоу аҩаӡарала аарԥшра ҳалымшар ҳәа ҳазхәыцны, азныказы мап ҳкит, аха аиҿкааҩцәа ҳазааргеит.
7-усумҭак еидызкылоз «APSSA» аколлекциа Москва Жәларбжьаратәи афестиваль Атомтә мода амчыбжь аҟны аӡыргара, адизаинерцәа қәыԥшцәа Салима Ҳашыгԥҳаи Сарида Ҵәыџьԥҳаи рзы, ҳәарада, алҵшәа бзиа зауз раԥхьатәи шьаҿа ҭбаауп.
«Ҩымчыбжьа тәамҩахә ҳамамкәан аус аауан, иаԥаҳҵаз аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа, хаҭала, аԥсуа ԥҳәызба лцәашәҵатәы маҭәа архиаразы. Аескизқәа аба ахь ииагатәын, урҭ рыӡахраҿы иҳацхраауан аҟазацәа-ӡахыҩцәа, аха напылатәи аусура, ахырҷара, ақәҵара Саридеи сареи ҳнапы иҵаҳхыр акәын. Анапқәа ҳазхаӡомызт. Аколлекциа архиара аамҭа аҭахуп, ҩымз-хымз иреиҵамкәан. Ҳара ҩымчыбжьа рыла 7 коллекциак ӡахны, ихырҷаны, иқәҵаны архиара ҳалҳаршеит», – лҳәеит абаҩхатәра злоу адизаинер.
Агәыхыҭхыҭреи аҭакԥхықәреи зцыз ари афестиваль амҩаԥысшьа далацәажәо Салима дазааҭгылеит, рколлекциа аӡыргараан афестиваль аиҿкааҩцәа ирыдыргалаз дара рмоделиерцәа мап шырцәыркыз имыргәаакәан. «Аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа аӡыргарала ҳара иаҳҭаххеит аԥсуа милаҭтә хаҿра аарԥшра. Убри аҟнытә, Москва инхо ҳџьынџьуаа рахьтә, акәашацәа алԥшааны, ҳколлекциа аԥсуа ҭыԥҳацәа иӡырыргартә аҭагылазаашьа аԥаҳҵеит», – лҳәеит гәахәара дула.
Ҳәарада, еиуеиԥшым акыр атәылақәа рҟнытә зколлекциақәа ӡырызгоз адизаинерцәа рҿаԥхьа Аԥсны аӡыргара, аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭ́әа дырбара аԥсуа дизаинерцәа қәыԥшцәа рзы шԥышәараз инаҷыданы акыр зҵазкуаз хҭысын.
«Ҳара ҳазыԥшӡамызт ас еиԥш аӡыргара. Аха иаалырҟьаны ҳарҿиара аизҳараҿы иҟалаз ахҭыс ҳгәы азҭанаҵеит, аԥхьаҟа уи иҳаднаҵо аҭакԥхықәра анагӡарагьы ҳазыхиоуп. Ҳгәы иҭоуп ҳарҿиара арҭбаара. Иҳамоуп агәҭакқәа, агәҭахәыцрақәа, аидеиақәа маҷымкәан. Макьаназы аус здаҳуло, иаԥаҳҵо аԥсуа ԥҳәызба лцәашәҵатәы маҭәа акәзар, аԥхьаҟазы ҳазхәыцуеит аԥсуа хҭырԥа азхьаԥшра. Уи аԥсуа орнаментқәа рыла ихарҭәааны, иқәҵаны архиара, аӡыргара, иара убас акәымжәы, акаба уҳәа егьырҭ аԥсуа милаҭ цәашәҵатәы маҭәақәа ҳаамҭа иақәшәо ажәытәи-аҿатәи еиҿыбааны, уаҩ илаԥш адхало, хаҭала, аҿар еилаҳаны иазхьаԥшуа аҟаҵара. Даара иаҳҭахуп аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа аныҳәақәа раан мацара акәымкәан, есҽны аҿар аҵаҽырбо иныҟәыргалар, иазхьаԥшыр», – дҳацәажәон Салима.
Жәларбжьаратәи афестиваль Атомтә мода амчыбжь аҟны адизаинерцәа аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа гәцаракны, даара интересс ишьҭыхны Салимеи Саридеи ишрыдҵаалоз, иааигәаны еибадырырц, аԥхьаҟа аусеицуразы еиуеиԥшым апроектқәа раԥҵарагьы ишақәгәыӷуа. Уи азы агәаҳәарагьы шрымоу мӡакәан ишрарҳәоз атәы ҳзеиҭалҳәеит Салима, иара убас аколлекциақәа аҵыхәтәаны ианӡырыргоз, хаҭала, аԥсуа милаҭтә цәашәҵатәы маҭәа аӡыргаҩцәа напеинҟьарыла ишрыдыркылаз.
Иазгәаҭатәуп, ашәҭқәа рықәҵареи, аԥсуа орнаментқәа рыла ацәашәҵатәы маҭәа архиареи инарҷыдангьы, аҭыԥҳацәа ргәы ишҭоу аԥсуа-адыга напҟазара ахархәара аҭара.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, ҳдизаинер қәыԥш лыгәҭакқәа ҳацеиҩшо иазгәалҭеит Саридеи лареи гәҭакыс ишрымоу рхатә коллекциақәа рӡыргара аиҿкаара.
Ахықәкы бзиеи арҿиаратә гәацԥыҳәареи змоу адизаинерцәа қәыԥшцәа ирзеиӷьаҳшьап иреиҳау ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи.
Алиса Гәажәԥҳа