Print this page

Станислав Лакоба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура хацнаркит

Жәабран 13, 2026 15

Станислав Лакоба иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи, анаунагӡатәреи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Акомиссиа иалоуп: аҵарауаҩ ду иԥа-Отто Лакоба, иҩызцәа, аҵарауаа – Олег Дамениа, Сократ Џьынџьал, Валери Ӷәырџьуа уҳәа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, Д.Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, Акультура Аминистрреи, Аҵара Аминистрреи, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентри рхаҭарнакцәа.

Мшаԥымза 7 иахымгакәа аминистрцәа Реилазаара ахәаԥшырц, Аҳәынҭқарратә комиссиа иҟанаҵароуп Станислав Лакоба игәалашәара анаунагӡатәразы ажәалагалақәа. Иара убас, аҵарауаҩ икьыԥхьым инапылаҩырақәеи, исалам шәҟәқәеи, иажәахәқәеи, иҭҵаарадырратә усумҭақәеи аҭыжьра иаздырхиароуп.

Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп Аԥсны Ахада Бадра Гәынба жәабранмза 2, 2026 шықәсазы иҟаиҵаз аусԥҟа инақәыршәаны. Уи хықәкыс иамоуп Станислав Лакоба игәалашәара анаунагӡатәра, ирҿиаратә ҭынха аҭҵаара, аиқәырхара, икьыԥхьым иусумҭақәа рҭыжьра.