В.Чуаз диит 1936 ш. ианвар акы азы Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аҵара иҵон (1957-1961).
Владимири иашьеиҵби шхәыҷқәаз раб дрыԥхеит, нас – Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ҵысит. Аха ран лыжәҩа инықәлаз ахьанҭара лҽаҵамырхакәа лыхшара лааӡеит, ршьапы иқәлыргылеит.
Арҵаҩы изанааҭ иманы иреиҳау аҵараиурҭа иалгаз арԥызба шықәсқәак Гәдоуҭа араион Џьырхәеи Дәырԥшьи ақыҭа школқәа рҟны аус иуит. Аԥсуа бызшеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи дирҵон.
Аинститут данҭаз арҿиара дазхьаԥшуа далагахьан, ажәеинраалақәа рыҩраҿы иҽԥишәон, агәыблра икхьан ажурналистика. 1961 ш. акьыԥхь аҟны дцәырҵит. Иҩымҭақәа апериодикатә кьыԥхь ианылон.
Аамҭақәак рышьҭахь аҵара-ааӡара аус аанижьуеит. Гәдоуҭатәи араионтә газеҭ «Бзыԥ» акорреспондентс дыҟан. Аха хара имгакәа апартиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет аиҿкааратә ҟәша аинструкторс аусура дрыдыркылоит. Араҟа еиҳагьы аҭакԥхықәра аарԥштәын, аха адырреи аԥышәеи заухьаз инапы ианырҵоз аус инҭырҳәыцааны дазнеиуан, еиламырсӡакәа инаигӡон. Идыррақәа рхарҭәааразы Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет далгеит (заочно) 1970 ш. Аамҭак азы агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс аус иуан.
1969 ш. инаркны агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны») аредакциаҿы аусура далагоит акультуреи абзазареи рыҟәша аиҳабыс, ашьҭахь – аџьажәлар рышәҟәқәа рыҟәша деиҳабын. Зехьынџьара аҭакԥхықәра зцыз амаҵурақәа идыргалон, ирдыруан иус ламысла дшазнеиуаз, апринципра шааирԥшуаз. Абарҭқәа ҳасаб рзуны 1975 ш. «Аԥсны ҟаԥшь» аредактор ихаҭыԥуаҩс диаргоит, 1992 ш. акәзар – агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада актәи ихаҭыԥуаҩс.
В.Чуаз амилаҭтә кьыԥхь арҿиараҿы илагала маҷым. Иҩымҭақәа еснагь актуалра рылан, аԥсҭазаара дагәылаԥшны иааирԥшуан ажурналистикаҿы инапы иҵихуаз. Зныкымкәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла еиҿнакаауаз аконкурсқәа иҽрылаирхәхьан, аиааирақәагьы игахьан. Ианашьан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа.
Ажурналистика еиԥш, В.Чуаз дазҿлымҳан алитература. Агазеҭқәеи ажурналқәеи иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан. 1960 ш. иҭыҵыз, аҿар ражәеинраалақәа реизга «Ашьаҟьар» ианылеит В.Чуаз иҩымҭақәагьы. (Еиқәдыршәеит: Ш.Ҵәыџьба, Кә.Ломиа). 1961 ш. акәзар, Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит иажәенраалақәа еидызкыло ашәҟәы «Сыдгьыл гәакьа, сыдгьыл». Иажәеинраалақәа ргәылоуп иара убас «Аԥсуа поезиа антологиа – ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).́
В.Чуаз ирҿиара мацарала иҽҭахикаауамызт. Аԥсуа ҭаацәараҿы ииз, аԥсуаҵас иааӡаз еснагь аԥсуара ныҟәигон, иара изы уи иаҵанакуаз рацәан, Аԥсадгьыл абзиабара аԥхьа инаргыланы. Убри азоуп еснагь ижәлар рҭоурых, ржәытә-рҿатә дзазҿлымҳаз. Уи идунеихәаԥшра иацын, егьханарҭәаауан. В.Чуаз аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, ахаангьы аганахь дымгылацызт. Уи шьақәнарӷәӷәоит «Аԥсуа шәҟәы» ҳәа хьӡыс изауз, 1988 ш. ииун 17 рзы XIX Зегьеидгылоутәи апартиатә конференциа ашҟа аԥсуа интеллигенциа ирышьҭыз ашәҟәы инапы ахьаҵаҩыз. Усҟантәи аамҭазы дахьдырхәыр шауазгьы, аԥсуара аԥхьа иргылеит. Аԥсадгьыли аԥсуареи ирызкыз азҵаатәқәа иԥшьоу ракәны дрыхәаԥшуан. Аханатә ишьҭикааз аламыс, ауаҩра, аамысҭашәара еснагь имҩанызас иман.
Сара хаҭала, аредакциаҿы аусура саналага 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы В.Чуаз аредактор ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Иқәлацәа рыҩнуҵҟа еиԥш, аиҵбацәа рызнеишьа дақәшәон. Дабжьагаҩын, дымҩақәҵаҩын. Аҟазацәа дуқәа ирышьҭанеиуаз абиԥара даҵанакуан. Аиҵбацәа иара иабиԥара ирҿаҳҵаауаз рацәан. Ҳзыхьӡаз Николаи (Басиаҭ-иԥа) Киут, Сергеи Кәыҵниа, иқәлацәа Борис Ҭыжәба, Гьаргь Жанаа, Хәыта Џьопуа, Шьаликәа Камкиа, Гьаргь Нарасқәуа, Валикәа Ҭаниа уҳәа, аԥсҭазаараҿы еиԥш, ажурналистикаҿы ироухьаз аԥышәа аиҵбацәа ҳзы акыр иаԥсан. 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны машәыршақә акәым ишцәырҵыз агәаанагара: «Аԥсны ҟаԥшь» академиак иаҩызан» ҳәа . Ҵабыргны, аԥсуа газеҭ аредакциаҿы ишьақәгылахьаз атрадициа бзиа абиԥарала еимдо иааргон. Араҟа аус руан ажәа азҟазацәа дуқәа. Урҭ рыхьӡ иадҳәалоуп амилаҭтә журналистика аҿиара амҩа.
В.Чуаз ихаҭара еилыхха иаанарԥшуеит 2007 ш. апрель 3 рзы ихьуаз ачымазара иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рҩыза, рколлега изкны агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәа ианырҵаз (№33-34) анекролог ацыԥҵәахак:
«Владимир Чуаз, дахьыҟазаалакгьы, маҵурас инапы ианызаалакгьы, зегьы рҟны иман ихатә цәаҩаҟазшьа, ихатәы знеишьа. Уи изы ихадаран аус адырра, анаҩсангьы ламысцқьала анагӡара, аҩра аарԥшра. Иара адәахьала уахьихәаԥшуаз уаҩ ҭынчк иакәызшәа дубон, аха уанизааигәахалак иумбарц залшомызт уи доуҳала ибеиаз, ҩнуҵҟала илахҿыхыз аӡәы шиакәыз.
Алаф еиҿкааны аҳәашьа дақәшәон, дызлаз рҿы ихәмар - ичча иагмызт, ахырнаалашьа дақәшәон, дчеиџьыка уаҩын».
В.Чуаз иҟазшьа бзиақәа ируакын ахӡырымгара.
Иазгәаҭамзар ауам уи ашахмат даара бзиа ишибоз, иԥсы шаҿҳәараз, ибзиангьы дыхәмаруан. Ажурналист, апублицист ибызшәа цқьан, истатиақәеи иочеркқәеи аԥсҭазаара аҵабырг рныԥшуан, егьицааиуан. Уи ажурналист изанааҭ раԥхьа изауз дреиуан (раԥхьатәи абиԥара еиуаз алаҳамҵозар). 2017 ш. зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Владимир Антипа-иԥа Чуаз иуа-иҭахцәа, иҩызцәа, иқәлацәа, иқыҭауаа рхы-ргәы далырхит, аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараан ишиқәнагаз еиԥш ихцәажәеит, илшамҭақәа ахәшьара рыҭауа. Анышә дамадоуп Дәырԥшь ақыҭан, иабшьҭра рнышәынҭрақәа рҟны.
Хымԥада, аԥсуа милаҭтә журналистика аҿиара амаҵ азызуаз, злагалагьы ҟаимаҭу дреиуаны аҭоурых аҟны даанхоит Владимир Чуаз.
Вахтанг Аԥҳазоу