Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы, изызкызгьы ҩганктәи астратегиатә еиҩызара арҵаулара акәын, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Олег Барцыц иҳәеит, атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракы агәахәара шинаҭо.
«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ҳусеицура арҿиара. Ҳаимадарақәа шьаҭас ирымоуп аиҩызара иашаҵәҟьа, акыр шықәса раахыс ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа. Даараӡа иаҳгәаԥхоит ҳаицәажәара амҽхаки ахаҭабзиареи», – иҳәеит аминистр. Уи ҷыдала ҭабуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба имаҵура данахагылоз ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа лааразы.
Аминистрра ахада иазгәеиҭеит абизнеси акультуреи рганахьала аусеицура аҿырԥштәқәа.
«Ҳтәылақәа рбизнесуаа аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, акультура аганахьала акәзар, акырӡа зҵазкуа раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҵоуп. Ҳарҭ зегьы ҳаршанхеит «Инканто» (авокал Никарагуатәи аинститут) асолистка ԥхьагыла, Алиса Гыцба аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи лмузыкатә конкурс-лабораториа алахәыла Катерин Веласкес лықәгылара. Уи Аԥсны ахәаԥшцәа даара дыргәаԥхеит, аконкурс аҟны аԥхьахә хадақәа руак аанылкылеит», – лҳәеит аминистр. Лара лганахьала ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа ишьақәлырӷәӷәеит Манагуа хьаҵрада ишадгыло Аԥсны аизыҟазаашьақәа рырҿиара.
«Никарагуа Аԥсны иахәаԥшуеит аешьаратә тәылак аҳасабала. Ҳазҿлымҳауп ахырхарҭақәа зегьы рыла иҵегьы аимадарақәа рырҿиара», – лҳәеит адипломат.
Аиԥылара ахыркәшамҭазы аганқәа еизыразхеит иаарласны ирылацәажәарц апроект ҿыцқәа рынагӡара, убрахь иналаҵаны акультуратә еимадарақәа, аекономикатә аԥшьгамҭақәа.
Иара убас аиԥылара иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одисеи Бигәаа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәаҵниа, аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны аусеицуразы адепартамент аиҳабы Сариа Џьопуа.
Анаҩс Олег Барцыц диԥылеит Урыстәылеи Аԥсни рҟны Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаел Саласар Веласкес. Олег Барцыц ҭабуп ҳәа иҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа иҟарҵо адгыларазы, аусуратә еимадарақәа рзы. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун ааигәа Венесуела иҟаз ахҭысқәа.
«Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит Венесуела ахьчараан иҭахаз асолдаҭцәа ргәалашәара. Иаҭахыз аҳәамҭақәа зегь ҟаҳҵеит аконституциатә шьақәгылашьа адгыларазы, ҳазхиоуп хаҭала ҳашшәыдгыло атәы шәаҳәаразы уахь анеира», – иазгәеиҭеит Олег Барцыц.
Агәра ганы дшыҟоу иҳәеит анапхгара ҿыц рполитика аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәара ишацхраауа. Иара иганахьала, ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаел Саласар Веласкес Аԥсны ашҟа ҭабуп ҳәа иҳәеит Венесуела иуадаҩу аамҭақәа раан адгылара ахьаанарԥшуа азы.
«Ҳара ҳзы Аԥсны партниор мацараны иҟам, уи аешьаратә милаҭуп. Урҭ знысыз амҩа еилаҳкаауеит, ҳаҭыргьы ақәаҳҵоит. Ҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа реиқәырхара мацара акәымкәа, иҵегьы активла рырҵаулара ӷәӷәала иаҳҭахуп», – иҳәеит иара.
Адипломат ишьақәирӷәӷәеит Венесуела шазхиоу жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҟны азҵаарақәа зегьы рганахьала аԥсуа ган адгылара. Аиԥылараан иалыршан Аԥсни Венесуелеи русеицура арҵауларазы амҩақәа разыԥшаара.
Москва имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Москва Аиҳабыра рминистр, адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи Рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Черемини реиԥылара. Иара убас аиԥылара иалахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Москва Аиҳабыра рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Игор Ткач, аџьынџьуаа аус рыдулареи аинформациатә политикала аиқәыршәареи рзы аусбарҭа аиҳабы Георги Иаковлев.
Аганқәа рылацәажәеит Аԥсни Москвеи рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырҵаулара иадҳәалоу азҵаарақәа. Аԥсуа ган азааҭгылеит акультуратә, агуманитартә еимадарақәа, атуризм, аинвестициақәа, аекономика, асоциалтә усхк, аинфраструктура, цифрала аиқәыршәара уҳәа рганахьала аҳҭны-қалақь иамоу аԥышәа аимдара.
Аминистр ҷыдала ҭабуп ҳәа иҳәеит Жәлар Рынхамҩа Ақәҿиарақәа Рцәыргақәҵарҭаҿы апавилион «Аԥсны» иагу-иабзоу аҟаҵара иахьадгылаз азы.
«Ари ҳаамҭа иақәшәо ҭыԥуп, Урыстәыла агәаны аԥсуа культуреи адоуҳаи ирсимволуп. Абри апроект еснагь иашәҭо адгылара ҳара ҳзы аҵак ду амоуп», – иаҵишьит адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада. Ҳаԥхьаҟагьы аусеицура ахырхарҭа хадақәа ируакны, аминистр иаликааит акреативтә економика арҿиара.
Февраль 3 азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин дырԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада иҳәынҭқарратә бжьагаҩы Константин Кочиеви. Урҭ Аахыҵ-Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҟны амилаҭтә делегациақәа хадара рзыруан. Март азы иҟалараны иҟоу аиԥылараҿы еицырзеиԥшу ауснагӡатәқәа ирзааҭгылеит.
Аиԥылара иалахәыз ргәы иҭоуп Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи ршәарҭадара алыршара аганахьала азҵаара хадақәа реиқәыршаҳаҭра.
Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Аҟәеи Цхинвали рганахьала Қарҭ амч ахамырхәара алзыршо амҩақәа аус рыдулара шаҭаху, иара убас нап шарку Қырҭтәылеи, Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи рыбжьара аҳәаақәа рделимитациеи рдемаркациеи рхацыркра.