Print this page

Аҟәа русура хацдыркит аҳаблақәа Алашарбагеи Каштаки еимаздо атроллеибусқәа

Жәабран 11, 2026 25

Иарбоу ахырхарҭала аныҟәара мҩаԥысуамызт хышықәса инарзынаԥшуа. Уи мзыз хадақәас иаман атроллеибусқәа рзымхареи, астанциаеиҵақәа ртехникатә ҭагылазаашьа ахьҽеимызи.

Ацәаҳәа аиҭашьақәыргылара алыршахеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ирыбжьарҵаз аиқәышаҳаҭра иабзоураны. Арегионбжьаратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь ахадара Аҟәа иарҭеит ҳаамҭа иақәшәо атроллеибусқәа. Апроект анагӡараҿы ацхыраара ду ҟаиҵеит Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь агубернатор Александр Беглов. Зыӡбахә ҳәоу ахырхарҭа анаҩсангьы ибжьаз атроллеибусқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп аџьармыкьеи Аҳабла Ҿыци, аџьармыкьеи Ажәытә Ҳаблеи рхырхарҭақәа рҿгьы.

Атранспорттә хархәагақәа ҳаамҭа иақәшәоит, уи зымаха-зышьаха еибгам рзы иманшәалоуп, иакуеит шәҩык инарзынаԥшуа, 24 тәарҭа ҭыԥ рыла еиқәыршәоуп.

Ақалақь атроллеибустә усбарҭа апассаџьыртә транспорт аусура аамҭа шьақәнарӷәӷәеит. Аӡынра аныҟәара мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбыҽха асааҭ ҩажәа рҟынӡа. Аԥхынра асааҭ ҩажәи акы рҟынӡа аус аулоит.