Амаҵура ҿыц аҟны Аргәын изеиӷьишьеит ақәҿиарақәа, агәыӷра ааирԥшит ақыҭақәа рхадацәа алархәны араиони атәылеи руааԥсыра реизҳазыӷьаразы аус шыруа ала.
Валери Аҩӡба ахада ҿыц дидныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит иганахьала ацхыраара аҭаххозар, аҟаҵара дшазыхиоу.
Асҭамыр Аргәын Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз агәрагаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, аколлектив адгылара ирҭап ҳәа агәыӷра шимоу атәы иҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба Валери Аҩӡба имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы иақәиҭтәреи Асҭамыр Аргәын иаҭареи рзы Аусԥҟа даԥхьеит.
Аиԥылара далахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.