Print this page

Бадра Гәынба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩы имш идиныҳәалеит

Жәабран 10, 2026 10

«Урыстәылатәи адипломатиатә маҵзура аҳаҭыр дууп, ибеиоуп хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа, иӷәӷәоуп азанааҭтә школ, абиԥарақәа реимадара шьаҭас иамоуп.

Иахьа, аглобалтә ҽыԥсахрақәа раан имариам аҭагылазаашьаҿы, урыстәылатәи адипломатцәа аҩаӡарақәа зегьы рҿы апринципреи аҭакԥхықәреи аадырԥшуеит. Урыстәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчоит, егьырҭ ажәларқәа рыбжьара рзҭагылазаашьа дырӷәӷәоит.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, шәара зеиԥшыҟам ҿырԥштәуп шықәсырацәалатәи шәусуреи, ишәаны-изаны шәазнеишьеи Урыстәылеиԥш уи анҭыҵгьы иазгәарҭахьеит», - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Бадра Гәынба Сергеи Лавров изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аринахысгьы аихьӡарақәа. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив иазеиӷьишьеит азанааҭтә еихьӡарақәа, ахачҳара, аԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы аихьӡара ҿыцқәа.