Print this page

Асахьаҭыхыҩ Ремзи Аиба хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит Гагра

Жәабран 10, 2026 19

Ацәыргақәҵа еиднакылоит амилаҭтә цәа зхоу 60 инареиҳаны аусумҭақәа.

Аекспозициа иалалеит аԥсуа бзазара аелементқәа зныԥшуа асахьақәа. Апеизаж, атрадициатә маҭәа зшәу абыргцәеи аҳәсеи злахәу асценақәа, уҳәа ирацәоуп иӡыргоу.

Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Гагра араион ахадара акультура аҟәша, Т.Кәакәасқьыр ихьӡ зху акультура Аҩны апроект «Ҳааигәара инхоу абаҩхатәра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит 2026 шықәса жәабранмза 22-нӡа.