Print this page

Февраль 10 рзы 80 шықәса ихыҵит академик Валери Кәарҷиа

Жәабран 10, 2026 49

Аҳәынҭқарратә ауаажәларратә усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Валери Ермеи-иԥа Кәарҷиа 80 шықәса ихыҵит.

Аҭҵаарадырраҿы шьарда илиршахеит. Иҭижьхьеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Иусумҭақәа реизга» (быжьтомкны). Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутас далырххьеит хынтә. Дыҟан Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабыс.
Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.