Print this page

Февраль 10 рзы 75 шықәса ихыҵит жәларбжьаратәи акласс змоу аспорт азҟаза Рашь Хәытаба

Жәабран 10, 2026 17

Рашь Хабыгә-иԥа Хәытаба зхы иақәиҭу ақәԥаразы жәларбжьаратәи акласс змоу СССР аспорт азҟаза ҳәа дшьоуп, Европа дачемпионуп (1982), Аԥсны ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Ари аспорт хкы азы Аԥсны Афедерациа ахадас дыҟоуп.

Рашь Хәытаба иԥсҭазаара зегьы аспорт иазкуп. Уи ихатәы мҩа хациркит Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҟны. Раԥхьатәи зыҟаҵаҩыс диман Аԥсны зҽаԥсазтәы азыҟаҵаҩ Ӡыкә Бениа.
Аԥсны аспорт арҿиаразы Рашь Хәытаба ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорденн ахԥатәи (2015) аҩбатәи (2018) аҩаӡарақәа.