Print this page

Ашоколад иалху агәырхаагақәа

Жәабран 07, 2026 69

Занааҭла ифилологу, 20шықәса инареиҳаны «Ақәыԥшцәа рыҩны» анапхгаҩы лхаҭыԥуаҩыс аус зуа, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Асҭанда Џьынџьалԥҳа даҽа ҟазаракгьы лылазаарын.

Абар уажәшьҭа аабаҟа шықәса ҵуеит ашоколад иалху ахаа-мыхаақәа рыҟаҵара лнапы алакуижьҭеи. Лара лажәақәа рыла, аха­а­-мы­хаақәа рыҟаҵара агәҭакы лызцәырҵит лыԥҳацәа аҭаацәара ианалала нахыс. «Аџьџьаҳәа еилаз ҳҭаацәара срышьцылахьан, аамҭа рацәа сымамызт, схәыцрақәа зегьы урҭ ирызкын, аха сыԥҳацәа рхатә ԥсҭазаара анаԥырҵа ашьҭахь, саамҭа агарҭа смоуашәа сҟалеит,» – лҳәеит Асҭанда.
Зны аинтернет бызкаҭаҳаҿы илбеит ашоколад иалхны еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа шыҟарҵоз, лҽазылшәеит аҟаҵара, аха уи иацзаарын ахатә кәама-ҵамақәа, иаразнак илзалымҵит, иԥхасҭалтәит ашоколад злаҟалҵоз амарҭхәқәа. Аха, лгәы ацәкамыжькәа ҩаԥхьа уи аус дазыхынҳәуан. Лнапкымҭа агьама раԥхьа идлырбон лҭаацәа, нас лгәылацәагьы ирыдылгало далагеит.
Ашоколад иалхны иҟауҵо аха­а-мыхаа ахаҭабзиара ҳаракхарц азы иаҭахуп ахатә марҭхәқәа. Лара ари аус даналага аамҭазы, урҭ амарҭхәқәа ус рыԥшаара мариамызт. Уи Шәача ма Адлернтә иаалгалар акәын.
Асҭанда иҟалҵо ахаа-мыхаақәа рҟны лхы иалырхәоит ашоколад хкқәа хԥа: аиқәацәа, ашкәакәа, акаҳуа ԥшшәы змоу. Ашоколад арӡыҭра аан лхы иалырхәоит, уи аԥхарра злагәалҭо амаруга. Уи илнарбоит илырӡыҭуа ашоколад аградус шаҟа иҟоу. Аиқәацәа иамазароуп 50 градус, егьырҭ – 46-47 градус рҟынӡа. Илырӡыҭыз ашоколад абжа ааныжьны, егьи иаанхаз иҷыдоу ахаҳә иқәҭәаны аус адылулоит. Нас еилалҭәоит рыҩбагьы, еибарбзианы иахәҭоу атемпература аҟны инеибагарц азы.
Асҭанда иҟалҵо ахаа-мыхаақәа рхаҭабзиара ҳаракхарц азы даараӡа имаҷымкәа аџьабаа адылбалоит. «Ашоколад ишахәҭоу еиԥш ианумырӡыҭ, иара иахәҭоу атемпература аныҟаумҵа, изҭауҵо аформа иузҭгаӡом, иԥхасҭахоит. Насгьы, уҿыҵа иҵаҷабуа иалагоит. Ииашаны иҟаҵоу ашоколад уҿы иҭаӡыҭыроуп, насгьы ицырцыруа иҟазароуп», – лҳәеит ачысҟаҵаҩ.
Асҭанда лнапкымҭа лҭаацәеи лгәылацәеи рнаҩс, агьама рбартә еиԥш аҭагылазашьа роуит аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа. Лара лаҳәшьа Амра аԥсуа телехәаԥшраҿы аус луеит. Ҽнак, каҳуак иацаҳжәып ҳәа Амра аусура ашҟа илгеит лаҳәшьа иҟалҵоз ахаа-мыхаақәа. Уа иахьналгаз, агьама збаз даара иргәаԥхеит. Иагьырыӡбеит лара илызкны анҵамҭа аҟаҵара. «Иара ахьӡ иазаҳаԥшаазгьы, ателехәаԥшра аусзуҩцәа руаӡәк ибзоуроуп, есымша акаҳуа анижәуаз «агәырхаага ҳамаӡами» ҳәа дҵаауан, уи акәхеит ҳаалыҵгьы хьӡыс иаҳҭеит «Агәырхаага» ҳәа».
Анаҩс, лыԥҳацәа аинтернет аҟны адаҟьа лзаадыртит. Маҷ-маҷ лнапкымҭа згәаԥхоз ауаа лыдҵаало иалагеит, ишнеи-шнеиуаз ацәыргақәҵақәа рахь ааԥхьара лырҭо иалагеит. Асҭанда зегьы реиҳа лгәалашәараҿы иаанхаз акы акәны иҟоуп «Интер-Сухум» аҟны имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа. Уи далахәын Лондон, Париж уҳәа аресторанқәа рҿы рестораторс иҟаз. Иара Пицунда дааны дыҟан, аресторан аартразы. Ацәыргақәҵа анымҩаԥысуаз иԥсы ишьон асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны. Аинтерес кны ацәыргақәҵа даҭааит, убра агьама ибеит, лнапкымҭақәа игәаԥхеит, «ибықәманшәалахеит, бгәы ацәкамыжькәа инагӡа ҳәа» леиҳәеит, лара уи иажәақәа иахьа уажәраанӡагьы илгәалашәоит.
Асҭанда «лчысхкы» Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш егьырҭ атәылақәа: Урыстәыла, Ҭырқәтәыла ирдыруеит, иара убас иҟалҵоит аныҳәақәа ирышьашәалоу ахаақәа иаҳҳәап, Ашықәс Ҿыц, амшаԥы ртематика иақәшәо. Ачысҟаҵаҩ илгәалашәоит, Москвантәи зыԥсы зшьоз аҳақьым иҭаацәа ҳамҭас ишырзигаз, Ашықәс Ҿыц азы аԥсаӡ аҟны икнарҳауа, ашоколад иалхыз «ахәмаргақәа», ашьҭахьы дылзасны илеиҳәеит икныхны афара шрыцҳаршьо.
Ԥшшәы рацәала еиқәыршәаны ирҩоу ашәырхкқәа рыла ирԥшӡаны, ашоколад иалху ахаа-мыхаақәа знык ала 400-500 цыра рҟынӡа ҭлыжьуеит. Лнапкымҭақәа зегь еиԥшӡам, иҟоуп 20 мшы рыла ифатәу ,иҟоуп шықәсыкынӡа аҵәахра зылшогьы.
Асҭанда, бара бнапы злаку аус аҿы зегь раԥхьа ибыргылои ҳәа ҳанлазҵаа, «иарбан усзаалакгьы умаашьаӡакәа уазнеир, хымԥада алҵшәа бзиамхар залшом, сара даара аџьабаа зхы иазырбо среиоуп», – лҳәеит. Убри азакәхап лгәы ацәкамыжькәа дызҿу избо зегьы иргәаԥхартә излықәманшәалахогьы.

Марҭа Гәарамиа