Print this page

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы лассы-лассы имҩаԥыргоит асанитартә рыцқьарақәа

Жәабран 06, 2026 12

Ҳазҭалаз ашықәс инаркны Аусбарҭа №3 анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҿы асеиԥш иҟоу аилыргарақәа 15 мҩаԥнагахьеит.

Ахәаша, жәабранмза 6 рзы атехника ҷыда ахархәарала Искандери Агәмааи рымҩеихдаҿы икажьу агәам арыцқьара иаҿуп.

Аусбарҭа №3 аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Габелиа иажәақәа рыла, атәылауаа иахьахәҭам аргыларатә гәамсам карыжьуеит, убри аҟнытә атехника ҷыда адгаланы, ааигәа-сигәа инхо ауаа рыцхыраарала арыцқьара мҩаԥгатәхоит.