Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациа анпхгаҩы Сергеи Гадлиа инарҭбааны далацәажәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ари ахырхарҭала имҩаԥгаз аусура атәы. Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара агроном Леван Кәлаа аӡахәааӡараҿы ихадоу азнеишьақәа дырзааҭгылеит, идирбеит аӡахәа аиҭаҳашьа, ахҵәашьа, арҵәыгақәа раҭашьа, аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны лассы-лассы иуԥыло аԥхасҭа ҟазҵоу ахәаҷамаҷақәеи ачымазарақәеи рацәыхьчашьа.
«Аҭыԥантәи ажь хкқәа иуникалтәу аҟазшьарбагақәа рымоуп, урҭ реиқәырхара акраҵанакуеит. Ииашаны аӡахәа ахылаԥшра иалнаршоит зыхә ҳараку ари аграртә ҭынха ахьчара»,- ҳәа азгәеиҭеит Кәлаа.
Апрактикум аинтерактивтә формат ала имҩаԥысит: алахәылацәа азҵаарақәа рҭиуан, рԥышәа еимырдон, ироуз абжьгарақәа ракәзар, анаҩс рхы иадырхәар рылошит.
Аворкшоп мҩаԥысит «Аԥсны аӡахәааӡара аҿиареи аҭыԥантәи ахкқәа рыхьчареи» апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә ООН Афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаареи Аԥсны аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи русеицура иалҵшәоуп, афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Швеицариатәи аҿиареи аусеицуреи рзы амаҵзура (SDC).