Print this page

Сыԥсҭазаара сыжәлар ирзыскуеит

Жәабран 06, 2026 76

Ухы-уԥсы иагырханы, ужәлар рразҟыӡбара иацу аҟыба-ӡыбақәа рылагылара, аҵабырг абзазараҿы иаларҵәахарц азы ақәԥара иус мариам.

Ега ус акәзаргьы, уԥсадгьылаҿ ужәлар рхы иақәиҭны, егьырҭ амилаҭқәа иарбанзаалак акала иреицәамкәа иҟазаарц азы, урҭ рҿахәы адунеи арҳара, изықәнагоу, даҽакала иаҳҳәозар, «амаа зку» аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рҟнынӡа анагара, егьа уадаҩра уаниаргьы, адырра ҵаулеи, ачҳареи, агәаӷьреи аарԥшны уаназгыла, иулымшара арбан?
Ааи, ииашоуп аԥсҭазаара аганқәа, ажәаҟны ишырҳәо еиԥш, инаԥынҵоу хәыцра ҵаулала рызнеира, уи ахьанҭарақәа ишәа-иза рыҵгәара зегьы ирҟазшьам. Аха, аԥсадгьыли ажәлари рразҟыӡбаразы ақәԥара ихықәкы хадахар алшоит ауаҩы, ҽырбашақә акәымкәа, гәыла-ԥсыла урҭ дрымадазар.
Ус иҟоу зхыԥхьаӡара рацәаҩым дыруаӡәкуп, ааигәа акрычҳара, аҟәыӷара, агәаӷьра рыла ихаҭәаау дырра ҵаулала, зыжәлар гәакьа рзинқәа рыхьчаразы имшәа-имырҳа, ицҳафыруа ажәала, аамҭакьаҿк иҭагӡаны, Женева имҩаԥысуаз, амилаҭ маҷқәа рзинқәа ирызкны, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 18-тәи аилатәараҿы, зынӡа ишымариаӡамзгьы, уи алахәцәа рызнагара зылшаз ҳџьынџьуаҩ, февраль 1 азы, Гәдоуҭа Р. Дасаниа ихьӡ зху акультура Аҩны аҟны зԥылара еиҿкааз Ельчин Аӡын-ԥҳа.
Ельчин диит ноиабр 1, 1990 ш. рзы Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҟны, Џьемил Аӡынбеи Нураи Саӷариеи рҭаацәараҿы. Ани аби рыхшара заҵә Ельчин лхәыҷра ашықәсқәа инадыркны азҿлымҳара аалырԥшуан лабдуцәа рабацәа рџьынџь Аԥсны иадҳәалоу иарбан зҵааразаалак ашҟа. Лыҽрылалырхәуан ҳџьынџьуаа рхеидкылақәа рҟны имҩаԥыргоз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.
2012 ш. рзы Кьоџьаели ауниверситет аҟны лдыррарҳара хлыркәшеит, 2014 ш. рзы «Журналистские практики В Абхазии в контексте войны, патриотизма и политики» атемала амагистртә диссертациа лыхьчеит, Сҭампылтәи ауниверситет Бильги аҟны. 2013-2019 ш.ш. раан дынхон Аԥсны, атәыла Ахада иҟны иаԥҵаз астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аҟны аус луан. 2019 ш. рзы лыҭҵаарадырратә дунеиеилкаара арҵауларазы, Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәны, Кадир Хас ауниверситет аҟны, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ ала адокторантураҟны аҵара лҵон. 2022 ш. раахыс Аднан Мендерес ауниверситет аҟны ддоцентуп. 2025 ш. рзы «Процессы государственного строительства в условиях ограниченного признания: на примере Республики Абхазия» атемала, аполитикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа аҵарадырратә ҩаӡара аиуразы адоктортә диссертациа лыхьчеит қәҿиара ҳаракыла.
Аӡын Џьемил-иԥҳа Ельчин арҭ́ аамҭақәа ирылагӡаны, иҿахыҵәҵәоу Аԥсны азинқәа ирызкны експертк лаҳасабала дықәгылон жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҟны еиԥш, Ҭырқәтәылеи уи анҭыҵ Европатәи аҳәынқаррақәа жәпакы рмилаҭтә периодикатә ҭыжьымҭақәеи ртелехәаԥшратә дырраҭарақәеи рҟынгьы. Иахьагьы ҽышәала, Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа Рфедерациа (КАFFED) ахьӡала уи аус иацылҵоит. Ажәлар маҷқәа рзинқәа рыхьчара азҵаарақәа рыла дықәгылоит еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аизарақәа рҟны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҩынтә Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН) аилатәарақәа рҟны.
Лхатә ҩыза Дуниа Чқәани лареи ирааӡоит ҩыџьа арԥарцәа.

Милаҭтә фырԥҳәызбоуп ҳәа гәыҩбарада иззаҳҳәар ҳалшо Ельчин, 2023 ш. рзы раԥхьаӡа акәны афорум аҿы данықәгыла аахыс, иара уажәтәи лықәгылара ашьҭахьгьы, лыԥсҭазаара изныкымкәа ашәарҭара акырӡа ишазааигәахахьоугьы, лыжәлар гәакьа рҭахрақәа рыхьчара, урҭ рҿахәы еизаданы, хыхь-хыхьла акәымкәа, аԥсҭазааратә ҵабырг хаҭеи ахәахәеи реиҿагылара аазырԥшуа аҿырԥштәқәа рыла аилатәара алахәцәа реилкаараҿы анагара лылшеит, даҽазныкгьы иаҵысшьуеит, ибзиаӡаҵәҟьаны азакәан адырреи агәаӷьреи аарԥшуа. Уи лықәгылара аӡбахә заҳаз дарбанызаалак агәеизҳара инамҭарц залшом. Ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, ажәлар маҷқәа иреиуоу– аԥсуаа рзинқәа рыхьчара, адунеи ауаажәларра – аҳәынҭқаррақәа азхьаԥшыртә абжьы аргара ауп уи иахықәкы хадоу. Ельчин ҩ-минуҭк ирҭагӡаны зықәыргылара лылшаз азҵаарақәа маҷым хыԥхьаӡарала еиԥш мҽхакылагьы.

Ишлықәымчуазгьы еиҭалырҵабыргит Аԥсынтәыла шҳә­ынҭқарроу, уи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа даҽа мҩақәак рыла иӡбамзар ада ԥсыхәа шыҟам. Ари даара игәаӷьыуацәаз шьаҿан, аха Ельчин лдақәа ирҭаныҟәо дызхылҵшьҭроу ршьа, меижьарада лхы агәрагара лнаҭоит, ари аус азы ақәԥара шалшо, аамҭақәак рнаҩс алҵшәагьы шаиуа. Уи дырҵабыргуеит даҽа зныкгьы «хаҭала сара шәарак сныруам, Анцәа исаҭәеишьаз ԥсҭазаара заҵәык ауп, уи сыжәлар ирзыскуеит» ҳәа лыҿцәажәарақәа руак аҿы илҳәаз лажәақәа. Зыԥсадгьыл зхьаауа, қәрала жә-жәашықәсак ирзааигәаз Ешьреф Гындиа, аамҭақәак раԥхьа «абааԥсы шәыбжьы шәыргала, уи ҳаԥсҭазаара иацнаҵоит» ҳәа иҳәашьҭабжь аҵакы днықәныҟәаны, Ельчин Аӡын-ԥҳа лшьаҿақәа ҳәарада, ҳажәлар реидкылараҿы, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рхьарԥшразы зҭоурыхтә ҵакы ҵаулоу лагалоуп.
Зыжәлар ргәынқьыбжьы згәаҵантә изныруа Ельчин, лполитикатә қәԥара лхатә ԥсҭазаараҿы изныкымкәа иахьылԥырхагахахьоу шыҟоугьы, ашәымҭакгьы дахьхәны ҳәа дҟамлацт. Лықәреи лыԥсҭазааратә ԥышәеи шырацәамгьы, ибзиаӡаҵәҟьаны илеилкаарҭоуп, ажәаҟны ишырҳәо еиԥш, дахьтәаша, дахьгылаша насгьы илҳәаша, ианылҳәаша, иахьылҳәаша аамҭеи аҭыԥи. Лыжәлар рзинтә ҭагылазаашьа хаҭәаахарц лгәы иҵхо, дымшәа-дмырҳа бжьыҭгала аҳәараҿы есымша Анцәеи, ажәлар рылаԥш хааи, ргәыблреи шлыцу агәра унаргоит, Гәдоуҭа араион анапхгареи, ауаажәларреи, ҳтәыла арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәеи злахәыз уи лԥылара.
Агәыԥшаара зҵаз агәырӷьаратә ҭагылазаашьа хацыркхеит, Ельчин, С.П.Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи лаҭаара ала. Анаҩс, акультура Аҩны аҟны аиԥылара аартуа, уи аиҿкааҩ, амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырба алахәцәа идлырдырит, Ельчин, Женева лықәгылара атекст аԥсышәала.. Ҳџьынџьуаҩ лшьаҿа Аԥсны аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы рыхьчаразы аҵакы аҩаӡара иалацәажәо иқәгылеит: арҭ ацәаҳәақәа равтор, ААР академик, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, еицырдыруа апоет, ашәҟәыҩҩы, ахҭырԥа шкәакәа ҳамҭас иланазшьаз Владимир Занҭариа, уи даԥхьеит убасгьы илыхьӡинҩылаз ажәеинраала, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба, Ельчин илызкны ипоезиатә ԥҵамҭала дықәгылеит ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, араион иқәынхо зегь рыхьӡала ажәа ԥхақәа лзикит Ахадара аиҳабы Валери Аҩӡба, Аӡынаа аижәлантәқәа рҟнытә, Ельчин зҿахәы лҳәо ҳажәлар аԥеиԥш лаша рзеиӷьеишьеит Руслан Аӡынба. Ақәгыларақәа хадырҭәаауан ансамбльқәа: «Риҵа», «Ахьышьҭра» «Аураашьа», «Аҟармаҵыс» ҟазара ҳаракыла инарыгӡоз ашәақәеи акәашарақәеи.

Аҵыхәтәантәи, Ельчин иҳалҭаз аинтервиу аҟны: «Раԥхьаӡа акәны сара Аԥсныҟа сааит 16 ш. анысхыҵуаз. Уи нахыс, саб – ибылшо зегь ҟабҵароуп ҳаԥсадгьыл ацхырааразы, – ҳәа исеиҳәалоз ажәақәа снарықәныҟәаны, Аԥсны аизҳазыӷьаразы аусура сыԥсҭазаара иахықәкы хадахеит. Уажәы Ҭырқәтәыла сынхоит, аха сара сзы ԥсадгьылк ауп, иҟоу, уи сҭоурыхтә ԥсадгьыл ауп, сыжәлар рзы хәарҭара злоу акыр сылшозар, хымԥада сазықәԥалоит.
Сынтәа сгәы иҭоуп еиҭа Женева ақәгылара. Хадара злоу азҵаарақәа иреиуоуп Аԥснытәи адипломатцәа ҿарацәа Еиду Амиҭлаҭқәа Реиҿкаара аусура ралахәхаразы ацхыраара рыҭара. Уаҟа аӡәы мацарала акәымкәа, гәыԥла (4-5-ҩы иреиҵамкәа) рыҟазаара акырӡа аҵанакуеит. Уи нагӡахарц ҳҽазаҳшәалароуп, – ҳәа иазгәалҭаз ахшыҩҵак ала, аиԥылара иалахәыз «иҭабуп» ҳәа ралҳәеит.
Февраль 3 рзы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны Ельчин Аӡын-ԥҳа имҩаԥылгеит ААУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ аҟны аҵара зҵои адипломатцәа ҿарацәеи рзы аворкшоп-семинар «Жәларбжьаратәи адвокациа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаарахь ахырхарҭа змоу: амеханизмқәа, абызшәа, аԥышәара атемала. Уи хықәкыс иамоуп, асеминар алахәцәа рахьтә ԥшьҩык ралхра, аԥхьаҟа ЕАР (ООН) аусура аҽалархәра рылшарц азы. Ажәаҟны баша ирҳәом «хык бзиоуп, аха ҩба еиҳагьы еиӷьуп» ҳәа. Анаҩс, имҩаԥысит ауаажәларратә палата алахәцәеи лареи реиԥылара.
Февраль 4 рзы дыздызкылаз Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ельчын лабдуцәа рџьынџь аҟны лбара гәахәала идкыло иазгәеиҭеит, ҳазҭагылоу аамҭазы имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аҟны, ҳҳәынҭқарра азинтә «мҵәыжәҩақәа» ҿырҟәдаамкәа, адунеи атәылақәа реилазаараҿы иақәнагоу аҭыԥ ааннакыларц азы, аамҭатә ӡеибафарақәа идмырхәаҽыкәа ԥхьаҟа агаразы, аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаидгыланы, ҳамчи ҳалшеи еилаҵаны, жәҩахыркны ҳҽеиларҵәаны, ҳԥеиԥш лаша хәыцра ҵаулала ҳазықәԥалар шакәу.
«Ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны, Аԥсны аӡбахә ала шәықәгыларақәа, ҳҳәынҭқарра аргылара аус азы ҳажәлар рхықәкы, рыгәҭыха адунеи иахьашәырҳауа. Ҳара уи даара пату ҳзақәуп. Аԥсны ажәлари, анапхгареи рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит», – иҳәеит Ахада.
Ельчын атәыла Ахада изеиҭалҳәеит ЕАР аилатәараҿы лықәгылара аӡбахә, иазгәалҭеит аринахысгьы илылшо зегь шыҟалҵо Аԥсны ахьӡ аӡыргаразы, агәыӷрагьы аалырԥшит Аԥсны абжьы аринахысгьы Жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҭыԥқәа рҟны ишгало азы.
Ашьыбжьышьҭахь, Р.Кә.Ҵәыџьба ихьӡ зху Очамчыра акультура Аҩны аҟны араион ауаажәларреи лареи реиԥылара мҩаԥысит аԥхарра ду аҵаны.
Ажәакала, Зиҳни Ԥыс-иԥа ишиҳәаз еиԥш, зыгәаӷьра аџыр еиларҭәа еиԥшу, зҭеиҭыԥш еинаалоу, жәытә-натә аахыс ҳажәлар ирылиаауаз «Баалоуԥҳацәа» ируаӡәку, Аӡынԥҳа Ельчин лыԥсҭазаара зегьы Аԥсны иатәызарц лҭахуп. Иҵабыргны, уамеигәырӷьарц залшом Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҿы аԥсуаа рыбжьы ахьго.
Ишдыру еиԥш, адунеиаҿы аиашақәа рацәазар алшоит, аха аҵабырг акоуп!

Ахра Анқәаб