Print this page

Бадра Гәынба Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара ишьақәгылоу аизыҟазаашьақәа ахәшьара ҳаракы риҭеит

Жәабран 05, 2026 12

«Аԥсны жәлар ирхашҭуам зегь реиҳа ихьанҭаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Башкортосҭан иҳанаҭаз ацхыраара», – иҳәеит Гәынба, Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа ангәарҭоз. Аԥшаҳәа ахәҭак еиҭашьақәдыргылоит аиашьаратә республика ацхыраара иабзоураны.

Гунба инаҵшьны иазгәеиҭеит Башкортосҭан аҵара иалгаз иахьа испециалистцәа ӷәӷәаны ишыҟоу.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа ақалақьуаа реиԥш Аҟәа иаҭаауа асасцәа рзгьы иҳамҭа духоит.

Бадра Гәынба Башкортосҭан Ахада Радии Хабирови Аҟәа ииз Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко рыдгыларазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Аҟәа ақалақь азы иааирԥшуа агәыбылра иунарбоит уахьиз аҭыԥ бзиа ишбалатәу», - иҳәеит Гәынба.