Аиҭашьакәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәарҭеит: Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров напхгара зиҭоу аделегациа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аусурақәа аплан инақәыршәаны ишымҩаԥысуа, ишыҟоу ирымоу аҿҳәара иаԥыганы инарыгӡахьоу аусурақәагьы.
«Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аҿҳәара инақәыршәаны аусурақәа шхыркәшахоу, ҳақалақьуааи ҳасасцәеи акурорттә сезон ҿыц азы еиҭашьақәыргылоу аԥшаҳәа шроуа» - иҳәеит Гәынба.