Print this page

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Виачеслав Володин имшира идиныҳәалеит

Жәабран 04, 2026 10

Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин имшира идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!

Ҳтәылақәа рыбжьара ганрацәалатәи аусеицуреи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рырҿиаразы иҟашәҵо адгылара ахә ҳаракны иаҳшьоит», – ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы. Лаша Ашәба аусеицура ацҵара дшазхио азгәеиҭеит.

Виачеслав Володин изеиӷьишьеит агәабзиара, агәамч, азакәанԥҵаратә усураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи.