Print this page

Абџьар зку зегьы шәарыцаҩцәахаӡом

Жәабран 02, 2026 57

Иахьатәи сажәабжь азыскуеит ашәарыцара. Уи аԥсуаа рҭоурых, рҵас, рыхдырра, ретикаҿы иааннакыло аҭыԥи, иара убасгьы, абџьар зну зегьы шәарыцаҩцәаӡам ҳәа зырыԥхьаӡоуи ртәы.

Ҳаазқәылаз ашәарыцара спорт еицлабрак иаҩызахеит. Еиҳа еиӷьу абџьар зку, еиҳа зшьыз, еиҳа зыхә ҳараку ала зцу. Ари ҳәарада угәы узырхьуа, амарҭаҭра иалганы иаагоу ҳҵас аиҭакра ӷәӷәақәа алазгалаз, ашәарыцаҩҵәҟьа ихаҿра еицазкыз акәхеит. Џьоукы ирҳәоит, ибзиами нас аҿар амҩа ианыԥшыло иахьтәам, рабдуцәа рҵас ахьышьҭыркааз, ашәарыцара ргәы ахьазыбылуа ҳәа. Ҳәарада, усгьы уазнеир алшоит ари азҵаара, аха сара исҭахуп еиҳа инарҵауланы салацәажәарц.Аԥсуаа рзы ашәарыцара ахаангьы акәац аҩныҟа аагара, мамзаргьы иуԥыхьашәо зегьы «алашьҭра» ҵакыс иамаӡамызт, "Ажәеиԥшьаа" ирԥыхьаиршәаз аҭира зынӡа уаҩы ихахьы изаамгоз акәын. Ашәарыцара аԥсуа хаҵа ишьа-ида иаланы диуеит. Аныҟәара даналага инаркны аҩны лассы-лассы аҷкәын хәыҷ иаб диҿыԥшны иаргьы уи дазҿлымҳахон. Абџьар иацыз абзиабара ус машәыршәа иҟамлаӡеит, егьырҭ амилаҭқәа зегьы изларылукаауаз акәхеит Кавказ иқәынхоз ажәларқәа хыхьчагас мацара акәымкәа, рмилаҭтә хаҿра аазырԥшуаз рышәҵатәы иахәҭакны иахьыҟалаз абџьар. Ашәышықәсқәа иргәылсны ҳара ҳҟынӡа иааиз атрадициа аԥсахрақәа маҷымкәа ирықәшәеит, иахьа иаҳбо рацәак уаҩы даргәырӷьом. Ҳәара аҭахума, араҟа зыӡбахә цо, ашәарыцара атәы здыруа, аԥҟаррақәа ирықәныҟәо, аԥсабара иашаны иазнеиуа, аԥышәа ду змоу ауаа ракәӡам.
Акыр шықәса раԥхьа ҳтәылаҿы еиҿкааз Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи рхеилак иахьа еиднакылоит жәа-нызықьҩык инарзынаԥшуа ашәарыцаҩцәа. Астатистика ишаанарԥшуа ала, ашәарыцара асезон азы ашәарахи аԥсаатәи иреишәарыцо рхыԥхьаӡараҿы иҟоу аиҳараҩык ашәарыцаразы азин шрымоу атәы зҳәо қьаадк зцым ауаа роуп. Араҟа иазгәаҭатәуп ашәарыцаҩцәеи, сшәарыцаҩуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо аха уи иазку ԥҟарак ззымдыруеи реилибакаара шыуадаҩхаз.

Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи рхеилак ааигәа ахантәаҩ ҿыц даҭан – Шамиль Бигәаа ашьхеи агеи рыбжьара акыр ашәарыцаратә ԥышәа зырҳахьоу, ҵасла иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәо арԥысуп. Иара акыр ихьааганы иҳәоит азҵаара даара иҵарны ишықәгылоу. Раԥхьа иргыланы уи далацәажәоит изакәанымкәан, ианаамҭам, иақәнагам абџьар ахархәарала ирбо зегьы абнаҿы инзырҵәо ауаа. Шамиль Бигәаа иажәақәа рыла, уажәшьҭа абнашәарах аишәарыцара ҟалаӡом, избанзар дара аныҿио иаамҭоуп. Иара убасгьы зынӡаск иҟалаӡом Аԥсны ашәҟәы ҟаԥшь иану ашәарах аишәарыцара. Арҭ аԥҟарақәа еилазго маҷыҩӡам, иҟалалоит дара аекологцәа рыцхыраарала ианааныркылогьы, аха азакәан ирықәнаҵо ахараԥса даара имаҷуп, уи ала аӡәгьы дыузахьырхәуам уҳәар ауеит. Сынтәатәи ашәарыцаратә сезон Аԥсны ашәарыцаҩцәа аргәырӷьеит. Урыстәыла иҟалаз ахьҭаӷәӷәақәа ирыбзоураны Аԥсныҟа иааит акәатеи аҳәыҳәи рацәаны. Шамиль Бигәаа иазгәеиҭеит ари аҩыза ахыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи хәышықәса Аԥсныҟа ишҭамлац. Ашәарыцаҩцәа ирдыруеит аԥсаатә ашарԥаз инаркны ихәлаанӡа уеишәарыцар шыҟало, ианыхәлалак иара аԥсы аршьатәуп, атәаха аҭатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха, ҳара ҳҿы убри аҟара ирацәаҩхеит абџьар зку– ҽынлагьы уахынлагьы ицоит ашәарыцара. "Акәата аӡы ахтәалаха арҭаӡом, аихсра хацдыркуеит аҽыларҟәра ианалаго инаркны, иақәшәаӡом, иаргьы шәаҟьаны игьыжьуеит, мамзаргьы иршьуеит. Анаҩс уи ԥшаашьа ахьамам бардрак илаҳауеит. Абас ала даргьы ирызшьуам, ишышьтәу здыруагьы алшара рырҭом, мамзаргьы аԥсабара хымҳа-џьымшьа аԥхасҭа арҭоит", – иҳәеит Аԥсны ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи рхеилак ахантәаҩы.

Шамиль Бигәаа игәаанагарала, ахеилак иалшо маҷӡам–иаҳҳәап, ашәарыцаҩцәа рклуб аиҿкаара, уаҟа аԥышәа змоу, иазҿлымҳау аҿар ирзеиҭарҳәаларц рылшоит аԥсшәаҳәашьа инаркны ахымҩаԥгашьеи ашәарыцаҩцәа реизыҟазаашьеи рҟынӡа. Ашәарыцара иацу акәамаҵамақәа даара ирацәоуп, ишәарыцо урҭ идыруазар ауп. Иара убасгьы иахьа иҳамоу ашәарыцара иазку аԥҟарақәа Асовет аамҭа иахаануп, ҳаамҭа иақәшәо азакәан аԥҵатәуп, уи аус адулатәуп, иҟоу аԥҟарақәа аԥсахрақәа рылагалатәуп, иазгәаҭоу ахараԥса уаҩы инырыртә иҟаҵатәуп. Ихымԥадатәуп ашәарыцаразы азин шимоу шьақәзырӷәӷәо ақьаад анаҩсгьы, ашәарыцаҩ аԥҟарақәа ахьынӡаидыруа агәаҭарагьы. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ииашоу мҩак азыԥшааразы иаҭахуп ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рымч аибыҭара. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа зыӡбахә шьҭырххьоу – ашколқәа рҿы "Аԥсуара" аурокқәа ралагаларагьы цхыраагӡоуп, избанзар "Аԥсуара" аԥсабареи ауаҩи реизыҟазаашьақәагьы ҳәаақәнаҵоит. Акыр аҵанакуеит арҵаҩцәеи аҭаацәеи рроль. Ахәыҷқәа ирзеиҭаҳәалатәуп атәыла аекологиа иамоу аҷыдарақәа ртәы, иалкаау ашәарах реихсра зыҟамло, урҭ рнырҵәара иахылҿиаауа уҳәа, анаҩс даныҩеидаслак ауаҩы ихы иаирхәо аинформациа. Хаҭала сара, журналистк иаҳасаб ала исзыџьашьатәуп, асеиԥш иҟоу ацәажәарақәа. Дарбану, дабанхо, иззымдыруа ашьхаӡиас афымцамч змоу аҭшьра шыҟамло. Уи аҩыза згәаӷьуа уаҵәтәи аԥеиԥш иазымхәыцуа иоуп, ус еиԥш иҟоу изеиҭауҳәалакгьы ихдырра узыԥсахуам. Адунеи зегьы аҿы аекологиа аҭагылазаашьа шаҟа иуадаҩу ианалацәажәо аамҭазы, ҳара макьана еиқәырханы иҳамоуп абиԥарақәа ирзынҳажьша, ҳазхыҽхәаша иуникалтәу аекосистема. Уи аиҷаҳара иаанаго абнақәа рҿы амцеиқәымҵара, аҵлақәа рыхшьаара мацара акәӡам. Абнеи ашьхеи ирымоуп рхатәы закәанқәа, дарбанзаалакгьы аԥсуа ишьа злоу уи гәынхәҵысҭала изааигәоу, аԥсабара ахаҭа иланаҵаз акәзароуп. Аԥсуа идунеихәаԥшышьа, иԥсабара аиҷаҳашьа ззымдыруа, иззеилымкаауа ыҟазаргьы урҭ иашамкәан аԥсабара разныҟәаразы азакәан иахьнархәуазар ауп. Даҽа формулак ари азҵаараҿы аус ауӡом.

Ҳнапқәа ирыбжьашшаны ицо ҳатрадициақәа, иҵаулаӡаны иҵарсу ҳдацқәа рҿахыҵәҵәара иаҿуп. Ари аҩыза азнеишьа уархәыцуеит, ирзынҳажьуеи изызҳауа абиԥарақәа? Шамиль Бигәаа иҳәоит ари азҵаараҿы доусы ихала далагарц шаҭаху. Ашәарыцаҩцәеи аԥсыӡкыҩцәеи рхеилак анапхгаҩ ҿыц инубаалоит хыхь ишьҭыхыз азҵаарақәа ус баша ҳәа акәымкәа, игәаҵанӡа инаганы излаиӡбаша амҩақәа рыԥшаара дшашьҭо. Шамиль Бигәаа еиҭеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рышәарыцаҩцәа реилакқәа рҟны аимадара бзиақәа шрыбжьоу, урҭ аизыҟазаашьақәа иҵегьы рырҭбаара шазгәаҭоу атәы. Убас, ааԥынразы, еиҳа аԥхын иазааигәаны аиҿкаара азгәаҭоуп ашәарыцаратә лақәа рцәыргақәҵа. Асеиԥш ацәыргақәҵақәа шықәсқәак раԥхьа имҩаԥысқәахьан, аха аҵыхәантәи аамҭақәа рзы ауснагӡатә аанкылан иҟан. Шамиль Бигәаа иажәақәа рыла, уи ашколхәыҷқәагьы адыԥхьалахоит. Дара алшара роуеит ала ацхыраарала ашәарыцара закәу аилкаара. "Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аҿар рзы ихәарҭоуп. Уи анаҩсгьы, ачашәалақәа зааӡо рзы еиндаҭларак иаҩызоуп. Урыстәылантәи акинологцәа алахәхоит. Уаҟа иаарԥшхоит ашәарыцаҩи илеи шаҟа аилибакаара рыбжьоу",– ҳәа азгәеиҭеит Шамиль Бигәаа. Ала, ашарыцаҩ иблақәеи иԥынҵеи роуп рҳәоит. Избанзар, аԥсаатә еишәарыцо лада дзышәарыцом ҳәа иԥхьаӡоуп. "Ала ааӡара аџьабаа ду ацуп. Аџьабаа анаҩсгьы имаҷым ахарџьгьы. Аха гьамала дшәарыцарц зҭаху уи зегьы даиааиуеит", – иҳәоит ашәарыцаҩ.

Елана Лашәриа