Print this page

2025 шықәсазтәи аҿкы чымазарақәа ирызку аҳасабырба дазааҭгылеит Алла Белиаева

Ажьырныҳәа 31, 2026 9

2025 шықәсазтәи аҿкы чымазарақәа ирызку аҳасабырба адыррақәа рыла Аԥсны ауааԥсыра еиҳарак аимҳәа чымазара, аденовирус, абокавирус, акоронавирус рыхьуан, абри атәы Аԥсныпресс акорреспондент изеиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

Иҟоу адыррақәа рыла, ҳазҭоу аепидемиатә аамҭахҵәахаҿы аимҳәа зыхьуа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҵоуп. Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рышьҭахь ачымазара ҿкы аизҳара шыҟаз убаратә иҟан, ашыкьымҭа ажьырныҳәамза 20 иақәшәеит.

Аҳақьымцәа аҭаацәа ирабжьыргоит рхәыҷқәа ачымазара рылаҽуашәа рбар ашкол ахь ирмышьҭырц, иара убас агәҽанызаара рымазарц.

«Лассы-лассы аҭаацәа рхәыҷқәа ачымазара рылаҽра ианаҿу аамҭазы ашкол ахь, ма ахәыҷбаҳчахь ирышьҭуеит. Уи ахәыҷы ихаҭа изы еиԥш, иааикәыршан иҟоу ахәыҷқәа рзгьы ибзиам… Ахәыҷы маҷк ахьҭа дакыр иҩызцәа рҟынтәи ачымазара ирласны илаҽуеит», – лҳәеит Алла Белиаева.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит жьҭаарамза инаркны хәыда-ԥсада аполиклиникақәа рҿы имҩаԥырго алаҵақәа, хымԥада, ишыҟаҵалатәу. Аха, уи лажәақәа рыла, Аԥсны ауааԥсыра лассы-лассы алаҵаҟаҵара хырҩа арҭоит.