Print this page

Амели Џьениеи Емили Гәылариеи ахәыҷтәы шахматтә турнир аҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит

Ажьырныҳәа 30, 2026 10

Италиа, Триест ақалақь ашахматқәа Ракадемиаҿы имҩаԥысуаз ахәыҷтәы шахматтә турнир аҟны аиааира лгеит Амели Џьениа.

Емили Гәылариа лакәзар аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.

Иҳаҩсыз ашықәс, жьҭаарамзазы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкны Аҟәа имҩаԥысуаз атурнир иалахәын Триест ақалақь аҟынтәи ашахматқәа Ракадемиа аделегациа. Анаҩыс Аԥснытәи ашахмат асыҩацәа ҩыџьа рҭаацәа рыцны Триест имҩаԥысуаз атурнир ахь амҩа иқәлеит. Ари ахҭыс Триести Аҟәеи реимадара арӷәӷәаразы даҽа шьаҿак ҟанаҵеит.

Атурнир Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакреи Libera Trieste аобсерваториеи, Триест ашахматқәа Ракадемиеи еиҿыркааит.

«Сара ашахматтә турнирқәа ҩба схы рыласырхәит. Актәи аҿы сықәра маҷк еиҳаз срыцыхәмаруан, аҩбатәи аҿы сара исықәлацәаз. Маҷк сгәы хыҭ-хыҭуан, аха даара аинтерес аҵан. Ари атурнир сгәалашәараҿы иҟазаауеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит уи еиҿызкааз зегьы», – лҳәеит Амели Џьениа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анализ.