Print this page

Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада дидикылеит ауаажәларратә усзуҩ, апоет Владимир Занҭариа

Ажьырныҳәа 30, 2026 11

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазкны аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, академикцәа злахәу аизара ду амҩаԥгара.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аԥсуа бызшәа аҿиареи, ахьчареи, ахархәареи иамоу аҵакы, ҳхатәы бызшәа аԥхьаҟатәи аԥеиԥш лашазы аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо.

Иара убас, иазааҭгылан хазҭоу ашықәс азы иазгәаҭоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩ Баграт Шьынқәба изку афестиваль аиҿкаара иадҳәалоу азҵааракәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба адгылара аиҭеит Владимир Занҭариа иаԥшьгарақәа.