Print this page

Аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь Гәылрыԥшь араион абиуџьет иаланагалаз ахашәалахәы акырӡа еизҳаит

Ажьырныҳәа 29, 2026 18

В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аартра ашьҭахь араион абиуџьет иаланагалаз ахашәалахәы акырӡа еизҳаит — иҳәеит 2025 шықәсазтәи аусура алҵшәақәа дрылацәажәо Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа.

«2025 шықәсазы аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы анхамҩатә усура мҩаԥызгоз рҟынтәи ашәахтә лагалақәа 184 млн. мааҭ инаӡеит, мамзаргьы азеиԥш хашәалахәы аҟынтәи 54%», - иҳәеит иара.

2025 шықәсазы араионтә биуџьет ахашәалахәқәа рыплан 107% нагӡоуп. Араион абиуџьет иалагалахеит 563,5 млн мааҭ, планла иарбаз 527,4 млн мааҭ акәын.

Араион ахатәы хашәалахәы 340 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уантәи 58% - ахашәалахәытә шәахтә, 28% - ахашәалахәы азы ашәахтә.