«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы аиҭакра бзиақәа маҷымкәа иубарҭоуп. Арахь сааиаанӡа 2024 шықәсазтәи арбагқәеи 2025 шықәсазтәи арбагақәеи еиҿсырԥшит. Алцҵшәақәа угәы иахәартә иҟоуп, араион аҿы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аринахысгьы иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа агәыӷра унаҭоит», – азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Владимир Делба Гәылрыԥшь араион анапхгареи уи арҿиара хаҭала зҽалазырхәыз ауааԥсыреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Аусеицура ауп ас еиԥш иҟоу алҵшәақәа узҭо», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.
«Араион анапхгара ирыбзоураны абар шьҭа ҩышықәса инеиԥынкыланы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахра иаҿуп. Абиуџьет нагӡоуп 107%, 160 млн мааҭ инареиҳаны аизҳара ыҟоуп, ари даара иҳараку рбагоуп. Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы араионтә инспекциа аплан нагӡоуп 225% рҟынӡа, аригьы араион аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҿы лагала дууп. Арҭ аихьӡарақәа ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы алшарақәа ҳарҭоит», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра мҩаԥыргоит.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит араион асоциал-економикатә ҿиара арбагақәа аринахысгьы еизҳауеит ҳәа агәрага шимоу.